Нугзар Логәуа: аԥсуа бызшәа аҩаӡара ахра ацәқәа ихагалан иқәиргылеит

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәБаграт Шьынқәба иҩны-амузеи
Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьатыхҩы Нугзар Логәуа, Баграт Шьынқәба 100-шықәса ихыҵра инамаданы дазааҭгылоит ашәҟәыҩҩы игәалашәараҿы дшынхаз.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Асахьатыхҩы Нугзар Логәуа насыԥ иман ҳәа ихы иԥхьаӡоит Баграт Шьынқәба иԥсы ҭаны дахьибаз, диҿцәажәартә аҭагылазаашьа ахьимаз. Аҿар акыр дрызҿлымҳан, иҩны Лаганиахә ҳәа иахьашьҭоу даннеилак, уаҟагь акырынтә еиқәшәахьан. Ҳәарас иаҭахузеи, уи иара иԥсҭазаараҟны акраҵанакуеит.

Ишдыру еиԥш, иара дышәҟәыҩҩы мацарамызт, ауаажәларратә усзуҩын, политик дуун. Акыр шықәса Иреиҳаӡоу Асовет анапхгаҩыс даман, дуаҩ ҟәыӷан, дуаҩ наган, ихыԥша иаӡбоз даара ирацәан. Убри аҟынтә, Баграт Шьынқәба илитература акәзаргьы, иуаажәларратә усзура акәзаргьы, Ерцахә ашьхеиԥш аԥсуа жәлар дрылыҳәҳәо дрылагылан, аҭоурых аҿы ус дагьаанхоит ҳәа агәаангара имоуп асахьаҭыхҩы.

Баграт Шьынқәба ҩажәак рыла ихцәажәара цәгьоуп, ҳәарас иаҭахузеи, аха зегь раԥхьаӡа иргылатәу инапы иҵихыз иҩымҭақәа роуп. Аԥсуа бызшәа аҩаӡара, алитературатә бызшәа ҳәа ҳзышьҭоу, ахра ацәқәа ихагалан иқәиргылеит, зда царҭа амамыз аҟынӡа ишәаны, изаны, икапанны.

Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Баграт Шьынқәба: аԥсуа поезиа ашаеҵәа

"Ажәа шаҟа дацклаԥшуаз шәара ижәдыруеит. Баграт Шьынқәба ибызшәа заҳҳәои зегьы? Дызусҭзаалак, ҩырак, ҷышәрак знапы алаку зегьы, Баграт Шьынқәба ивсны цашьа рымаӡам. Избанзар, ибызшәа убриаҟара аҵанакуеит", — иҳәеит Нугзар Логәуа. 

Баграт ихшыҩзцарақәа рацәаӡаны иҟоуп. Иара ироман "Ацынҵәарах" акәзар, убра аԥхьа епиграфс иаиҭаз ада акруҭахума? "Зыԥсадгьыл зцәыӡыз зегь ицәыӡуеит", ҳәа. Убри даара акраҵанкуеит. Иажәеинраалоу ипоема, ироман "Аҿатә уаа" аҟны иҳәоит: "Ашьха ӡыхь еиԥш ахьхьа-хьхьаҳәа, аԥсшәа бзиа избоит сара, иамаӡамкәа хьаҳәа-ԥаҳәа, иқәыҩлааит Аԥсынра!" Иуаажәларратә усурагы, илитературагьы цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсны ицо зегьы иԥсадгьыли ижәлари рыбзиабара ауп.

Дпатриот дуӡӡан, ианиааз ивагылаз иҩызцәа Гьаргь Ӡиӡариа, Шьалуа Инал-иԥа, Гәаӡиа Шьаҟрыл реиԥш иҟаз ауаа дуқәа Аԥсны иақәашьхеит. Убри ауп ҳара аҳәынҭқарра ҟаҳҵартә еиԥш абӷа ҳазҭаз. Абас еиԥш иҟаз ауаа иазышьҭарҵахьан ауасхыр ҳаԥсуа ҳәынҭқарра. Убри адоуҳатә мазара дара инрыжьыз, Анцәа иџьшьаны иацызҵо ыҟоуп, аҿар ыҟоуп, ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.

Убри пату ақәҵалатәуп, еихаҳалатәуп, ԥхьаҟа игалатәуп, аҿар ирылааӡалатәуп. Изакәу нагӡаны, ажәлар есааира ирҿыцуа ираҳәалатәуп абарҭ инарыгӡоз ароль аԥсуа жәлар реиқәырхаразы, рышьақәгыларазы аԥхьаҟа аҳәынҭқарра аԥҵаразы иҟарҵаз азы. Баграт Шьынқәба зегь раԥхьаӡа игылоу ибызшәоуп, илитературатә бызшәа.

Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа. - Sputnik Аҧсны
Нугзар Логәуа: ҳмилаҭтә хдырра ашьҭыхраҿы арадио инанагӡо аус акраҵанакуеит

"Абызшәа убас иҟоуп аҩыра змоу ажәларқәа зегьы рҟны есааира аҽарҿыцуеит, есааира еихаҳауа ԥхьаҟа иргоит. Аха, иара аклассикатә форма аҟынӡа инаганы ишьақәгыланы ианыҟалалак, уеизгьы уеизгьы убри есымша ацрасра аҭахӡам. Избанзар, уи ажәлар бзиа ибаны еицрыдыркылаз абызшәа алитератураҿы ишьақәзыргылаз ауаа насыԥ рымоуп", — иҳәеит Логәуа. 

Баграт Шьынқәба дуаҩ дуун иҟазшьа атәы дазааҭгыло асахьаҭыхҩы иазгәеиҭоит, ус зҽаазыртуаз дреиуаӡамызт ҳәа. Иҟоуп нас апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа рҽаартны ажәлар ирылагыланы инеиуа иааиуа, акаҳуажәырҭақәа рҿы итәо игыло, ус дыҟаӡамызт. Иара дҳәынҭқарратә усзуҩын, дынхаҩ хылҵшьҭран, аха даамсҭашәан. Избанзар, ихымҩаԥгашьа, иааӡашьа, итәашьа, игылашьа, ицәажәашьа зегьы аамсҭашәара аҵан.  

Убри аҟынтә ус имариаӡамызт ус идтәалара. Иара ианигәаԥхоз игәалаҟара иақәшәоз аҭагылазаашьа ҟаиҵон. Алаф аҳәара бзиа ибон, аишәа чара ԥшӡаны ишымҩаԥигоз изныкымкәа ибахьан. Анаџьалбеит, убас иҟоу ауаа ҳамазтгьы иахьагьы заҟа иааӡага усхоз?! Зегьы рацәажәашьа дақәшәон, деиҳабыз, деиҵбыз.

Аԥсуа жәлар рашәақәа даара ибзианы иҳәон. Иара ианиааз даара афольклортә материалқәа рацәаӡаны еизигахьан, ақыҭақәа зегьы шьапыла дырхысхьан. Убарҭ ирҭаз адоуҳатә ҭагылазаашьа аԥсҭазаараҿы ихы иаирхәон. Ибызшәагьы, иҟазшьагьы зегь шьақәнаргылеит иара ишьҭихыз аԥсуа жәлар рдоуҳатә беиара.

Ус иҳәон: "Ҳара ҳхаан еиҳа имарианы излаҳауз уи ауп, ажәлар рҿы зегьы хианы иҟан". Ажәабжьҳәаҩцәа рацәаҩын, аԥхьарцаҟны ихәмаруаз, ашәа зҳәоз. Абжьызаҵәла изҳәоз еиқәиԥхьаӡон ирацәаҩӡаны.

Ҟасҭеи Арсҭаа, аԥхьарцарҳәаҩ ду диҭаахьан акырынтә. Убраҟоуп аидеиа ахьизгьы Кьахь Ҳаџьараҭ изку арҿиамҭа аԥҵара "Ахҭарԥа шкәакәа". Ашьҭахь афильм ҟарҵеит "Ахра ашәа". Сара уи санаԥхьоз смаҷын, ашкол сҭан,  ахаан исхашҭуам урҭ ацәаҳәақәа:

"Афырҭын бааԥс иасуаз, аҵла хыжәжәо,

Илакьуаз амацәыс аԥҭа еиҟәыжәжәо…

Адгьыл хыџхыџуеит усҟан идыдуаз, 

Ма асыҭәҳәа илеиуаз, ма асыԥса ишәышәуаз,

Ишгылац ахра гылоуп иҵысуам, Ус цәаҩас иамоуп ахы ланарҟәуам!"

Абарҭ реиԥш иҟоу ажәақәа иирцаз шаҟа аҭахузеи, анаџьалбеит. Ҳара ажәлар дуқәа ҳаҵашьыцыртә еиԥш абызшәа ҳауит, ишьақәгылеит ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳпоетцәа, ҳлитература аԥҵаҩцәа, зегь раԥхьа иргыланы Баграт Шьынқәба еиԥш иҟоу ауаа ирыбзоураны, азгәеиҭеит Нугзар Логәуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0