Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг: Арӡынба москватәи иқәгылара Аԥсны аҭоурых азы акырӡа зҵазкуа мшын

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ажурналистацәа редгыла ахантәаҩы, Владислав Арӡынба ипресс-маӡаныҟәгабыс аус зуаз Руслан Ҳашыг
Аԥсны ажурналистацәа редгыла ахантәаҩы, Владислав Арӡынба ипресс-маӡаныҟәгабыс аус зуаз Руслан Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада имш иира аҽны Sputnik арадиостудиаҿы игәалашәараҿы дшынхаз далацәажәеит Аԥсны ажурналистацәа реидгыла ахантәаҩы, Владислав Арӡынба ипресс-маӡаныҟәгаҩыс аус зуаз Руслан Ҳашыг.

"Москватәи иқәгылара хаҭала сара сзи, Аԥсны аҭоурых ази акырӡа зҵазкуа мшын. Владислав Григори-иԥа заҳаракыра дууз аполитик иаҳасабала адунеи зегьы дырбартә еиԥш, дырдырыртә, изхәыцыртә еиԥш дықәгылеит. Иара убраҟа илаз зегьы иҵара дырра, иҟазара, иаԥсуара, игәаӷьра, иполитикатә қәԥара азхиара убарҭ иҟазшьақәа зегьы убри аус хьанҭаҿы иааирԥшит. Адунеи амассатә информациатә хархәагақәа зегьы аус ахьыруаз ихы ааирԥшит, политик дук еиԥш иаԥхьаҟа иҽышьақәирӷәӷәеит", — ҳәа иҳәеит Ҳашыг. 

Аԥсны ажурналистацәа редгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг Владислав Арӡынба дигәалаиршәеит

Ажәабжьқәа зегьы
0