Иарку аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ирҭааит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа

© Sputnik Роберт ДжопуаИарку аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ирҭааит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа
Иарку аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ирҭааит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Бгоура" (Отобаиа) "Батаигуара" (Набакиа) официалла раркра мҩаԥган хәажәкырамза 6 рзы. Уаанӡа иаркын аушьҭырҭатә ҭыԥ "Таглан".

ГАЛ, лаҵарамза 17 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Ахаша, лаҵарамза 17 рзы ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҟны иарку аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ирҭааит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳаит Sputnik акорреспондент.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба еиҭеиҳәеит, Женеватәи изаамҭанытәиу араунд аламҭалаз традициала ацхантәаҩцәа раара шымҩаԥысуа.

"Ииасыз араунд аан иқәгылан аушьҭырҭатә ҭыԥқәа раркра азҵаарагьы. Ақырҭуа ган ари аҭагылазаашьа Гал араион ауааԥсыра рзы рыцҳара дуны иҟоуп ҳәа ицәырыргеит. Ҳара даара ҳҽазаҳшәеит агуманитартә рыцҳара абри аҭагылазаашьаҟны изыҟалом ҳәа агәра дыргаразы. Иара убасҟан аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа ааԥхьара раҳҭеит иҟоу рылала ирбарц азы", — иҳәеит Ақаҩба.

Гал араион Ахада Ҭемыр Надараиа иазгәеиҭеит уаанӡа ауаа ахьахысуаз, Таглан ақыҭантәи аихамҩацҳа ауаа рныҟәаразы ишәарҭаны ишыҟаз. Араион Ахада асасцәа ирзеиҭеиҳәеит ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәа руааԥсыра транспортла ишеиқәыршәоу аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" ахь рнеиразы.

"Ақыҭақәа зегьы рхатәы автобусқәа рымоуп. Урҭ мышкы хынтә иныҟәоит. Уи адагьы аус руеит амаршруттә таксиқәа. Арҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа адыркиижьҭеи аҭагылазаашьа еиҳа иҭышәынтәалеит. Аҳәаа ахысра апроцессгьы еиҳа хылаԥшра аиуа иҟалеит", — иҳәеит иара.

Евроеидгыла, ООН, ОБСЕ рҟынтәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа ракәзар, арҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа иахьырҭааз аҵакы аманы иахәаԥшуеит.

2016 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит ақәҵара аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Набакиеи" "Отобаиеи" аркызарц.

2012 шықәса ԥхынгәы 10 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара арҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа аамҭалатәиқәа ракәны иаанартит. Дара аус рулар акәны иҟан аушьҭырҭатә ҭыԥ хада "Егры" аинфраструктура еиҿкаахаанӡа, иахәҭоу мыругала еиқәыршәахаанӡа.

Арҭ ауснагӡатәқәа азырхоуп аԥсуа-қырҭуа ҳәаа адунеижәларбжьаратә стандартқәа ирықәшәо аиҿкаара, аиҳаракгьы Гал араион аҟны инхо ауааԥсыра ршәарҭадаразы еиԥш Аԥсны ауааԥсыра зегьы рызгьы. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аӡбрала аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны Набакиеи Отобаиеи роушьҭырҭатә ҭыԥқәа аркхеит. Аха иара убри аан ақыҭа Папынырхәаҿ иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥи ЕгрыГЕС амаҵ ауразы ҷыдала рхы иадырхәо аушьҭырҭатә ҭыԥи русура иацырҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0