00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
10 мин
On air
13:17
6 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
On air
13:43
6 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
14:44
11 мин
Дополнительное время
Международный туринир по баскетболу памяти С. Багапш в 15-й раз проходит в Абхазии
14:55
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Кьылба: Кәыдрытәи аиҩхааҟны амҩа аиҭашьақәыргылара ҳалацәажәараны ҳаҟоуп

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәыдры аиҩхааҿтәи амҩа "Гәылрыԥшь - Южный приют" ахәҭак зыҭра иҭыҵыз Кәыдры иҵнаӡәӡәеит.

АҞӘА, лаҵарамза 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев иҿцәажәарц амҩа аиҭашьақәыргылараҟны ацхыраара ҟаиҵарц азы. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.

Амҩа аура ишьақәнартәоит 80 километра, иахьаҵанакуа иҟоуп ацҳақәа 22, атоннельқәа 2.

"Иара убасгьы амҩа аҵакыраҟны иҟоуп еиуеиԥшым аҭбаара змоу аӡымҩангагатә трубақәа 60-70", — иҳәеит Кьылба.

Иара иажәақәа рыла амҩа "Гәылрыԥшь — Южный приют" иаарласны еиҭашьақәыргылахоит, ауаагьы ироуеит алшара иарала аныҟәаразы. Иахьазы уи ианысыр зылшо ашьаҟауаа мацара роуп.

"Азҵаара аӡбра атәыла Ахада ҩ-етапкны ишеит. Уажәазы имҩаԥгатәуп амҩарыцқьаратә усурақәа. Атәыла Ахада иҟны аицәажәара ашьҭахь Аԥыза-министргьы аилацәажәара мҩаԥигеит. Иара иалахәын абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база ахаҭарнакцәеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа ахаҭарнакцәеи. Ҳара ҳаицрылацәажәеит ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа рызҵаарақәа", — иҳәеит Кьылба.

"Аԥсныҟәарахьчара" адиректор Игор Казанба иажәақәа рыла амҩа ҩ-ҭыԥк рҟны иҿыбгоуп.

"Ҳара аҭыԥ аҟны ҳнеины аҭагылазаашьа ҭаҳҵааит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркхараны иҟоуп аҩаша ма ахаша. Ихыркәшахоит амчыбжь анҵәамҭаз. Насоуп еиҳа иныҭкааны аусурақәа анымҩаԥгахо. Амҩа Кәыдры аӡиас иаваршәны ицоит. Сынтәа аӡы аҳаракыра акыр идуун. Уи ауп амҩагьы ҵзыӡәӡәааз. Уажәазы аамҭала амҿтәы цҳақәа хҵоуп ауаа арсра рылшартә еиԥш", — иҳәеит иара.

Иԥхасҭоу амҩа ахәҭақәа 50-50 метра инаӡоит иҳәеит Казанба. Лаҵарамза 19 рзы Аԥсны Ахада абри азҵаара инадҳәаланы аилацәажәара иман.

Рауль Ҳаџьымба Аԥыза-министр Беслан Барцыц инапы ианиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә ҿиаразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа амшхәаԥштә ахь абри азҵаара цәыригарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0