Урыстәыла аоккупациа ҟанаҵоит ҳәа ишәода

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Sputnik" алоготип
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik алоготип - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Урыстәыла иагәҭакума Польшеи Прибалтикеи ралалара?" ҳәа Европеи Америкатәи аштатқәеи руааԥсыра иразҵааит 2017 шықәса мшаԥымзазы ауаажәларратә гәаанагарақәа реилкаара мҩаԥызго франциатәи аилахәыра Ifop.

АҞӘА, лаҵарамза 25 — Sputnik. "Урыстәыла иагәҭакума Польшеи Прибалтикеи ралалара?" ҳәа Европеи Америкатәи аштатқәеи руааԥсыра иразҵааит 2017 шықәса мшаԥымзазы ауаажәларратә гәаанагарақәа реилкаара мҩаԥызго франциатәи аилахәыра Ifop.

Азҵаарақәа реихшьаалақәа рыла Италиеи Германиеи руааԥсыра реиҳараҩыки афранцызцәа рыбжаҩыки усеиԥш ҟалоит ҳәа агәра ргом. Иара убри аан ЕАШ инхо 55% ауааԥсыреи Британиа Ду инхо 43% ауааԥсыреи усеиԥш ҟалар ҟалоит ҳәа рҳәеит.

© SputnikУрыстәыла агәы иҭоума Польшеи Балтиа атәылақәеи мчыла рылалара
Урыстәыла агәы иҭоума Польшеи Балтиа атәылақәеи мчыла рылалара - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла агәы иҭоума Польшеи Балтиа атәылақәеи мчыла рылалара

Аҭҵаарақәа рымҩаԥысра ҵаҵӷәыс иаиуит НАТО Урыстәыла Польшеи Прибалтикеи ампыҵанахаларц гәҭакны иамоуп, ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭа. Абри аҳәамҭа НАТО ианаҭеит алшара Латвиа, Литва, Естониа рҟны ауааԥсыра рыхьчара ҿарԥаны иҟаҵаны алианс абаталионқәа ԥшьба рыргылара. Абри аҭакс Урыстәыла изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵеит аӡәгьы иқәлара агәы ишҭам азы. Урыстәыла ААР Сергеи Лавров иакәзар иазгәеиҭеит НАТО усеиԥш ҟалашьа шамам бзианы ишадыруа, аха Урыстәыла аҳәаақәа рзааигәара ар рыргыларазы амзызқәа шаԥшаауа.

Италиа, Германиа, Франциа НАТО иҟанаҵаз аҳәамҭа агәра ргом аиҳарак аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа, иреиҳау аҵара змоу ауаа.

Иара убри аан Британиеи Америкеи НАТО иҟанаҵаз аҳәамҭа агәра ргоит аиҳарак аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа, иреиҳау аҵара змоу ауаа.

Азҵаарақәа мҩаԥысуан: Франциа, Британиа Ду, Германиа, Италиа, ЕАШ. Иразҵаан 4 000-ҩык рҟынӡа ареспондентцәа. Аҭҵаарақәа риашара бжьаратәла иартәоит– 95%.

Ажәабжьқәа зегьы
0