Ҩ-нызқьҩык рҟынӡа Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит
Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 26 рзы ҩ-нызқьҩык рҟынӡа Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит. Sputnik акорреспондентцәа Пушкин ихьӡ зху ашкол № 2, Лакоба ихьӡ зху ашкол № 10 ирҭаан иҟан.

АҞӘА, лаҵарамза 26 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. 2017 шықәса рзы Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1949-ҩык аҵаҩцәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Аԥсны Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа.

Ашкол №2 аҟны ашкол ашҭаҿы имҩаԥысаз аныҳәатә цәаҳәаҟны аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхит иреиӷьыз аушьҭымҭацәа— Дмитри Саӷариеи Ольга Шәлымԥҳаи. Ашкол адиректор Ирина Повирскер аушьҭымҭацәа дрыдныҳәало дықәгылеит.

"11-шықәса раԥхьа шәара шәхәыҷқәаны абри ашкол ашҭа шәҭалеит. Уажәы шәара аԥсҭазаара ду амҩа шәангылоуп. Шәдухеит. Аха ҳара ҳзы еснагь шәшыхәыҷу шәаанхоит. Мҩамш!", — лҳәеит лара.

Аԥсны Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа аушьҭымҭацәеи, урҭ рҭаацәеи, рырҵаҩцәеи ирыдылныҳәалеит иахьатәи амш.

"Аԥсны ахы-аҵыхәа иахьа иқәыҩуеит аныҳәатә ҵәҵәабжьы. Шәышьҭахьҟа инхоит ашколтә ԥсҭазаара, шәаԥхьаҟа — амҩа лаша", — лҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Ныҳәан Аҟәатәи ашкол № 10 ашҭаҿгьы иҟаз. 63-ҩык аушьҭымҭацәа ашкол ашҭаҟны аԥсуа кәашара нарыгӡеит.

Ашкол аушьҭымҭа Амра Кобахьиаԥҳа илҳәеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы лара лзы иагьшгәырӷьароу иагьшылахьеиқәҵагоу.

"Сара еиҳагьы исызҳауеит, ауниверситет сҭалоит, аха сҩызцәа 11 шықәса аҵара зцызҵоз гәхьаазгалоит, арҵаҩцәагьы ҭабуп ҳәа расҳәоит исырҭаз адыррақәа рзы", — ҳәа лҳәеит Амра.

Лаҵарамза 26 рзы ҩ-нызқьҩык рҟынӡа Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит.

Ажәабжьқәа зегьы
0