"Амцабз" аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥган Москва "Миузик–холл" ҳәа захьӡу хәышә-ҩык зкуа азал ду аҿы.
"Ахәаԥшҩцәа рацәаҩын. Арсҟак еизаҳгоит ҳәа ҳаҟамызт. Аҭыԥ аналаҳхуазгьы ҳазхәыцуан. Ара ақәгылара ахеиҿукааша рацәоуп, аха рхыԥхьаӡара дууп атәарҭа ҭыԥқәа. Имаар ҳәа ҳацәшәеит. Убри аҟынтә еиҳа иаҳзыманшәалаз "Миузик–холл" ҳәа иҟоу хәышә-ҩык ахьакуа алаҳхит", — иҳәеит Лаша Марыхәба.
Лаша Марыхәба Москва имҩаԥысыз ансамбль "Амцабз" аконцерт дазааҭгылеит
Ԥшьышә-ҩык инарзынаԥшуа ахәаԥшыҩцәа рыбжьара иҟан аԥсуаа реиԥш Москва инхо егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнацәагьы.