Аԥсуа ҳәынҭмузеи аусуҩ: "Интермузеи-2017" аҿы Аԥсны иазҿлымҳан

© Sputnik / Анжелика БенияАԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аусуҩ Белла Қьецԥҳа
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аусуҩ Белла Қьецԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи амузеиқәа рфорум "Интермузеи-2017" далахәын Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аусуҩ Белла Қьецԥҳа.

Аҟәа, лаҵарамза 31 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Жәларбжьаратәи афествиаль "Интермузеи-2017" аҿы Аԥсны ацәыргақәҵахь азҿлымҳара ду аарԥшын. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik астудиаҿы Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнографиатә ҟәша аиҳабы Белла Қьецԥҳа.

300 иреиӷьӡоу амузеиқәа Урыстәылеи еӷьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иалахәын "Интермузеи – 2017".  

XIX Жәларбжьаратәи афестиваль Интермузей-2017 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Акультура аминистр: "Интермузеи" иалнаршоит Аԥсны аӡыргара

"Ҳааигәара иҟан Китаи, Сербиа, Бразилиа, Азербаиџьан, Беларуссиа амузеиқәа рцәыргақәҵақәа. Аӡәы ҳиҵамхо ҳхы ааҳарԥшит, — лҳәеит  Қьецԥҳа.  - Амузеи аҿы зегьы иреиӷьыз ижәытәӡақәаз аекспонатқәа аслаид-шоу ала аекран аҿы идҳарбон ахәаԥшцәа. Аинтерес кны ирацәаӡаҩны иҳаднаԥхьалеит, иҭырҵаауан акәымжәы аӡахышьа, аԥҟашьа иазҵаауан. Ахырххақәа напылатәи аԥҳәыс усумҭақәа ирызҵаауан. Уи зынӡа лымкаала иазҵаауан, ашәыгақәа злырхуаз, излаҟарҵоз, ишырсоз. Егьырҭ амузеиқәа ицәырыргаз анапумҭақәа иахьатәи ҳаамҭаз иҟаҵоу ауп, ҳара ажәытәтәи усумҭақәа цәыраҳгеит".  

Аԥсуа музеи аусуҩ лажәақәа рыла, афестиваль аҿы ирзалхыз аҭыԥ ала иацәшәон зегьы ишаҭаху ирызцәырымгар ҳәа.

"Ҭӡамцк акәын иҳамаз, аҩбатәи аҭӡы 40 сантиметр акәын иахьыҟаз. Арахь аматериал инаҳгаз ҳара излауаз ала иқәаҳҵеит. Уа иҟоу аԥсуа диаспора, лымкаала, Алықьса Шервашиӡе иӡбахә сҳәар сҭахуп. Ԥшьбаны еимҿаԥо ампахьшьқәа рыкнаҳара даара иманшәалаӡамызт. Убри азы музеик аҟынтәи иаҳзааигеит "стоикақәа" ззырҳәо, иахьыкнаҳҳаша аҭыԥқәа. Иаҳзааргеит аманекенқәа амаҭәақәа рыкнаҳаразы, аԥҳәыс лымаҭәа, ахаҵа имаҭәа арбараҿы", — азгәалҭеит Белла Қьецԥҳа.  

Излеиҭалҳәаз ала аԥсуа маҟақәа аҳәаа рахыгараан маҷк апроблема алҵыр ҳәа ашәара ыҟан.

"Ҳазшәозгьы уи ауп, ҳара макьана азин ҳамаӡам, уаанӡа иаҳгозар-иааҳгозар ақьаад усқәа рацәаны иҟан, аха уажәы азин ҳамаӡам акультуратә ҭынхақәа ргара-раагара. Ԥхьаҟа азин ҟалар, ҳара ишаҳҭахуҵәҟьа иӡыраҳгартә алшара  ҳауеит", — лҳәеит Аԥсуа амузеи аусуҩ.

Белла Қьецԥҳа "Интер-музеи" аҿы азҿлымҳара алҭеит иҿыцу атехнологиақәа рхархәашьа. 

"Сыҟан Аҭоурыхтә музеии Ермитажи рцәыргақәҵаҿы. Сҽаласырхәит ажәытә қьаадқәеи ажәытә ҭынхақәеи, ижәытәӡатәиу ашәҟәқәа реиқәырхашьа, реиҭашьақәыргылара иазкыз амастер-класс", — илгәалалыршәеит лара.

Аха лгәы иаланы илҳәеит сааҭк, ҩ-сааҭк рыла утәаны иуҵаша, игәныукылаша акәым, игәныукыларгьы, амаругақәа умазароуп ара Аԥсны.

Ажәабжьқәа зегьы
0