Гигла Оҭхозориа ишьразы аусҭҵаара аанкылоуп

© SputnikАпрокуратура хада
Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 19 2016 шықәса рзы ахылаԥшра-аушьҭратә пункт "Набакиа" иахьаҵанакуа (ақ.Батаигәара) Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аррамаҵзуҩы Рашид Канджи-оӷлы Қырҭтәыла атәылауаҩ Гигла Отхозориеи рыбжьара иҟалаз аимак иахҟьаны Гигла Оҭхозориа дшьын.

АҞӘА, рашәарамза 1 — Sputnik, Бадри Есиава. Лаҵарамза 19 2016 шықәса рзы ахылаԥшра-аушьҭратә пункт "Набакиа" иахьаҵанакуа (ақ.Батаигәара) Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аррамаҵзуҩы Рашид Канджи-оӷлы Қырҭтәыла атәылауаҩ Гигла Отхозориеи рыбжьара аимак ҟалеит.

Қырҭтәыла атәылауаҩ Аԥсны алалара азин иҭамызт уи азы иахәҭаз ашәҟәқәа ахьимамыз азы. Аимак иахҟьаны Гигла Отхозориа дыршьит. Абри аус инамаданы Аԥсны Арратә прокуратура ашьаус хацнаркит. 2017 шықәса рашәарамза 1 азы апрокуратура ашьаусҭҵаара ааннакылеит ацәгьоура шьақәыргылам ҳәа иҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны арратә прокурор Адгәыр Агрба.

"Оҭхозориа ишьразы ашьаусҭҵаара аанкылоуп, избанзар қырҭтәылатәи аган иахәҭаны иҟаз ашәҟәқәа рыла ҳаиқәнамыршәеит", — иҳәеит иара.

Арратә прокурор иҳәеит изныкымкәа аҳәара шыҟарҵахьаз ахҭас ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи аматериалқәеи, агильзақәеи, ахҭыс авидеорбареи, иҭахаз изуз аекспертизеи рматериалқәа Аԥснытәи арратә прокуратурахь иаарышьҭырц азы. Адокументқәа ҳәа акгьы ыҟам, урҭ рыда ахҭыс аҵаҵӷәы узышьақәыргылом, ашьаусгьы аӡбарҭахь иузышьҭуам иҳәеит Агрба.

"Ҳара акраамҭа ҳазыԥшын иҟаҳҵаз азыҳәа аҭак ҳауп ҳәа. Дара иаҳзаарышьҭыз аматериалқәа ишахәҭоу еиԥш еиҿкаам, аӡәгьы инапы рыҵаҩым, амҳәыр рықәгылам. Урҭ наҟ иҳархынҳәит", — иҳәеит Адгәыр Агрба.

Ажәабжьқәа зегьы
0