00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Аҟәатәи аӡыканал" аиҳабы: анасос аԥсахраан аӡы-ҟьашьқәа амшын иалалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмшын Еиқәа
Амшын Еиқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АУН "Аҟәатәи аӡыканал" аиҳабы Ҭенгьиз Кәыҵниа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аканализациатә ӡқәа амшын ралалара зыхҟьаз.

АҞӘА, рашәарамза 5 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аҟәа агәҭа иахьазымариашоу амшын аканализациатә ӡы-ҟьашьқәа шалалаз рбеит асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа. АУН адиректор Ҭенгьиз Кәыҵниа уи ахҭыс шьақәирӷәӷәеит, мзызс иамоу анасос аремонт ахьазыруаз ауп ҳәа азгәеиҭеит.

"Ҳара анасос аремонт азаауан. Убри аамҭазы азапастә насос аус ауан, ус ада анасос хада аремонт ҳзазуамызт", — иҳәеит Кәыҵниа.

Ахәаша, рашәарамза 2 рзы Аҟәа инхо Ҭемыр Ҷанба Фейсбук адаҟьақәа рахь ицәыригеит амшын иалалоз аӡқәа рфотосахьа. Афотосахьа автор иажәақәа рыла, аканализациатә труба иҭыҵны амшын иалалоз аӡы-ҟьашь убар улшон аҟәара аҟынтәи ҩынҩажәижәаба метра рҟынӡа амшын аҟны. АУН адиректор иажәақәа рыла аремонт анхыркәшаха азапастә насосгьы аанкылан.

Аҟәа ақалақь Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба иҳәеит, убри аҭыԥ аҟны (Имам Шамиль имҩа араион аҟны) аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан рхы иадырхәо авариатә ӡцарҭа шыҟоу.

2016 шықәса мшаԥымзазы ахархәарахь ирыҭан арыцқьагатә хархәагатә комплекс. Иара уахыки-ҽнаки рыла ЗО нызқь кубаметр рҟынӡа аканализациатә ӡқәа ррыцқьара иазырхоуп.

Акомплекс Алада Ешыра иахьаҵанакуа игылоуп. Арыцқьагатә хархәагатә комплексқәа ауыс руамызт Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь 20 шықәса инареиҳаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0