Беҭховен имузыка Британиатәи апианиноарҳәаҩы лҟынтә Аҟәа агәы иқәыҩуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБританиатәи апианиноарҳәаҩы Маи Чарисса Тран Рингроуз
Британиатәи апианиноарҳәаҩы Маи Чарисса Тран Рингроуз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Беҭховен ихьӡ зху жәларбжьаратәи аконкурс иаиааиз, Британиатәи апианиноарҳәаҩы Маи Чарисса Тран Рингроуз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны дықәгылараны дыҟоуп рашәарамза 5 рзы. Маи Чарисса Тран Рингроуз Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны далацәажәеит Аԥсны лыҟазаареи имҩаԥысраны иҟоу аконцерти.

Sputnik, Владимир Бегунов

Апианиноарҳәаҩы лажәақәа рыла лара Аԥсны даара илгәаԥхеит. Лгәы иалоуп акраамҭа ара аанхара ахьлылымшо.

"Исҭахын Риҵа збар. Уи аӡбахә сан исзеиҭалҳәахьан, аха аконцерт аҽазыҟаҵаразы ҩымш роуп исымоу, аконцерт адырҩаҽны арантәи сцароуп", — лҳәеит Маи Чарисса Тран Рингроуз.

Аԥсны ашьҭахь лара аконцертқәа мҩаԥылгараны дыҟоуп Финлиандиеи Италиеи. Аԥсныҟа лассы-лассы иаалоит лара лҭаацәа. Урҭ дипломатцәоуп.

Маи Чарисса лан Хоа Тран Рингроуз UNICEF амиссиа апрограммақәа налыгӡоит еиуеиԥшым атәылақәа рҟны.

"Сара раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа сааит 2015 шықәса рзы. Аԥсны даара исгәаԥхоит. Сыԥҳа аҽазнытәи арахь лаараан атәыла ахы-аҵыхәа лсырбоит", — лҳәоит апианиноарҳәаҩы лан.

Маи Чарисса лан Таиландтәуп. Лани лаби дипломатцәоуп.

Беҭховен ихьӡ зху жәларбжьаратәи аконкурс аиааиҩы, Британиатәи апианиноарҳәаҩы Маи Чарисса Тран Рингроуз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны дықәгылараны дыҟоуп рашәарамза 5 рзы.

Маи Чарисса Кембридж аҵара лҵоит. Апианиноарҳәаҩы аԥсуа музыка лдыруеит. Амилаҭтә кәашарақәа ракәзаргьы акыр илгәаԥхоит. Урҭ лара адиск аҟны иҭаҩны илбахьеит.

Маи лажәақәа рыла аконцерттә программа акыр иуадаҩуп. Арепетициақәа хацлыркит асабшаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0