Ухыза заҟароу дырны, ушьапы еиҵых

© Sputnik / Томас ТхайцукАуаажәларратә Палата
Ауаажәларратә Палата - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизра актәи аилазаара иалаз адепутатцәа ҷыдалатәи атәанчахәы рзыԥҵәара дахаҵгыларц Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба идыргалоит Ауаажәларратә Палата, убри инамаданы лгәаанагара ҳацеиҩылшеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Аԥсны иҟоу ауаажәларратә Палата, аамҭа-аамҭала иқәнаргылоит еиуеиԥшым азҵаатәқәа, аҳәара уадаҩуп, Апалата аусура ҳаԥсҭазаараҿы ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбаразы хра ахьынӡалоу, аха зегь акоуп иҟоуп Апалата, зны-зына рыбжьы ҳаҳауеит. Абар уажәы Апалата иҳаднагалеит ауаҩы дзыршанхаша ажәабыжь.

Дара Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба идыргалоит, Жәлар реизра актәи аилазаара иалаз адепутатцәа "аҭоурых аҿы рлагала азгәаҭаны, ҷыдалатәи атәанчахәы рзыԥҵәара дахаҵгыларц". Атәанчахәы, ззыршәараны иҟоу 18-ҩык рсиаҿы дыҟоуп, иахьатәи Апалата ахада Нателла Акаԥҳагьы.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба адепутатцәа ҷыдалатәи ртәанчахәы азы: ҳааԥшыроуп

Атәанчахәы изҳәо 50 нызқь мааҭ инаӡоит. Ицәгьам аиашазы. Ицәгьам, "ухыза аура заҟароу" анузымдыруа. Ауаажәларратә Палата аҳәамҭаҿы иарбоуп "Жәлар реизара актәи аизамҭа иалаз адепутатцәа рџьабаа шырацәоу Аԥсны аполитикатә, уаажәларратә ԥсҭазаараҿы". Ари ззымдыруада?!

Аха Ҳаԥсадгьыл аҿаԥхьа злагала дуу ауаа маҷҩума? Зегь раԥхьаӡа иргыланы иаҳхамышҭыроуп иахьа аибашьра аинвалидцәеи, иара аветеранцәеи рыԥсҭазаара зынӡакгьы иҭышәынтәаланы ишыҟам. Асиа иану ауаа ракәзар, уеизгьы-уеизгьы џьахаџьафарыла адунеи иқәу ракәаӡам.

Ҳара ҳзакәанқәа инарықәыршәаны, адепутатцәа ԥхьатәара ианцалак ашьҭахь, ирзыԥҵәоуп атәанчахәы 15 нызқь рҟынӡа, иара убри аамҭазы аибашьра аинвалидцәа ироуа акыр еиҵоуп. Нас, иабанӡаҳақу, апрезидент иҿаԥхьа 50 нызқь атәанчахәы аҳәара? Апалата ишьақәнаргылаз асиа иану, актәи Апарламент адепутат, хтәыла ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа феисбуктәи идаҟьаҿы ианиҵеит: "Ари акыр изхыццакны ишьҭыху зҵаатәуп", ҳәа.

Занҭариа иара убас иазгәеиҭоит, ҳтәылаҿы макьана иӡбам асоциалтә зҵаарақәа аныҟоу, ас еиԥш иҳараку атәанчахәы, раԥхьатәи Апарламент адепутатцәа рзоужьра шгәаӷьыуацәоу. Даараӡа игәахәароуп асиа иану ирхаҭарнаку ихаҭа ари аҩыза аҳәамҭа ахьыҟеиҵаз.

Апалата адкыламҭа акыр ушьара уқәнарҟьоит, избанзар, иахьа ҳҳәынҭқарра абиуџьет аӷьырак, Урыстәылантәи иаауа ацхыраарала ишьақәгылазар, ҳтәанчаҩцәа макьана аурыс тәанчахәы иадыԥшылозар, аԥсуа тәанчахәы 500 мааҭ изахымсызар, избан нас, иалкаау категориак 50 000 зырзоужьтәу?

Ас хыда аҳәынҭқарратә ԥара аныхра ҵакыдоуп, макьана зшьапы иқәымгылац аҳәынҭқарразы. Акы заҵәык еилкаам, дарбану Апалатаҿы ари аҩыза ажәалагала ҟазҵаз, насгьы уи зыбжьы азҭада хаҭала?

Иахылҳәаазеи ари азҵаатәы, уи асиа иану Ауаажәларратә палата ахада Нателла Акаԥҳа. Апалата заԥҵоу, ажәлар рҿы ицәырҵуа азҵаатәқәа раԥырҟәҟәааразы аҳәынҭқарра ацхыраара аҭаразоуп, зхазы амал зырҳарц зҭаху рзы иҟоуп даҽа мҩак — абизнес ду.

Автори аредакциеи ргәанаагарқәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0