Венесуелатәи ақәгыларақәа раан 200-ҩык аахақәа роуит

© REUTERS/Marco BelloВенесуелатәи ақәгыларақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит
Венесуелатәи ақәгыларақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
66-мшы рҟынӡа Венесуела имҩаԥысуа ақәгыларақәа раан 80-ҩык ҭахахьеит.

АҞӘА, рашәарамза 8 – Sputnik. 200-ҩык рҟынӡа аахақәа роуит ахашаҽны, Венесуела аҳҭнықалақь Каракас аҟны имҩаԥысуаз ақәгыларақәа раан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Зынӡа 196-ҩык аахақәа роуит. Урҭ рҟынтәи 22-ҩык алаӷырӡаагага абомбақәа рҟынтәи. Уи адагьы дыҟоуп иҭахаз", ҳәа азгәеиҭеит Каракас амуниципиа аиҳабы Ель-Атилио Давида Смолиански.

Иара имоу адыррақәа рыла араионқәа Барутеи Чакаоиеи Ргәабзиарахьчаратә центрқәа рахь ахашаҽны инаган 59-ҩык аоппозиционерцәа.

Венесуела амассатә опозициатә қәгыларақәа ирылагеит атәыла анапхгара аоппозициатә Милаҭтә ассамблеиа азинмчрақәа дыркьаҿырц азы аӡбра анрыдыркыла ашьҭахь.

Иҟоу адыррақәа рыла 66-мшы рҟынӡа Венесуела имҩаԥысуа ақәгыларақәа раан 80-ҩык ҭахахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0