00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Енықь: Қырҭтәылахь аҳәара ҟаҳҵеит Аԥсны иазку архивтә ҩырақәа рсиа ҳарҭарц

© Sputnik / О. Иванов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивқәа жәларбжьаратәи рымш
Архивқәа жәларбжьаратәи рымш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Архивқәа жәларбжьаратәи рымш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Енықь Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҿы архивтә ус аҭагылазаашьа.

АҞӘА, рашәарамза 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аган Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан изныкымкәа аҳәара ҟарҵахьеит қырҭтәылатәи архивқәа рҟны иҵәаху, Аԥсны иазку аматериалқәа рсиа ҳарҭарацы, иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Енықь.

"Ҳара Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан изныкымкәа аҳәара ҟаҳҵахьеит қырҭтәылатәи архивқәа рҟны иҵәаху, Аԥсны иазку аматериалқәа рсиа ҳарҭарацы. Аха дара еиуеиԥшым амзызқәа цәырганы уи ҭакда иаанрыжьуеит", — иҳәеит иара.

Енықь иажәақәа рыла Аԥснытәи аган иныҭкааны иаздыруам иарбан материалқәоу Қырҭтәылатәи архивқәа рҟны иҵәаху.

Архивтә документқәа Аԥсныҟа рыргьыжьразы Апрограмма аус ауеижьҭеи Қырҭтәылатәи аган иархынҳәхьоу аматериалқәа маҷым, аха урҭ зегьы дара ишырҭаху еиԥш иалкааны ауп ишҳарҭо, иҳәоит Енықь.

"Убас иҳарҭахьеит XIX, XX ашәышықәсақәа ирыҵаркуа адокументқәа. Аҟәа, Гагра, Афон Ҿыц уҳәа рыпланқәа, Чачаа рыжәла иазку аматериалқәа уҳәа иҵегьы", — иҳәоит архивариус.

Хәажәкырамза 15 1929 шықәса рзы Аԥсны ишьаҭаркын архивтә усхк. Жьҭаара 22 1992 шықәса рзы ақырҭуа гвардееццәа ирыблит амилаҭтә архив ахыбра.

Ажәабжьқәа зегьы
0