Манаргьиа: ҳахәмарыҩцәа рылахь еиқәуп ConIFA ЕА аҟны аԥхьахә ахьырзымгаз

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшьапылампыл азы ConIFA аверсиала Европа ачемпионат
Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала Европа ачемпионат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала Европа ачемпионат ахьымҩаԥысуаз Аҩадатәи Кипр иаҭааны ахәмаррақәа ирыхәаԥшыз арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алахс Манаргьиа аицлабрақәа изынрыжьыз агәалашәарақәа дрылацәажәеит.

АҞӘА, рашәара 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы Аԥснытәи еизгоу акоманда ахәмарыҩцәа даара рылахь еиқәуп ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала Европа ачемпионат аҟны аиааира ахьырзымгаз, иҳәеит Sputnik арадио амҩаԥгаҩ Алхас Манаргьиа.

"Ҳәара аҭахума, ахәмарыҩцәа ргәалаҟазаара зынӡа ибзиаӡам, избан акәзар, зегь раасҭа аиааира зҭахыз ҳшьапылампыл асцәа ракәын, зегь раасҭа аԥхьахә агара зҭахыз азыҟаҵаҩ иакәын. Хымԥада ҳара хәаԥшҩык иаҳасаб ала ауп ҳшазнеиуа, дара иахьаҵахаз мацара акәӡам ргәы зрыхьуа, ргәы рыхьуеит избанзар Аԥсны зегьы рыла ҭраа ишазыԥшыз еилыркаауеит, аҭакԥхықәра ду ирыдыз еилыркаауеит", — ациҵеит уи.

Алхас Манаргьиа иажәақәа рыла, Аԥснытәи акоманда Аҩадатәи Кипр изцаз аиааира агаразы ауп.

"Ҵыԥх ҳкоманда адунеи иачемпионцәахеит, сынтәи Европа иачепионцәахарц рҭахын", — иҳәеит Манаргьиа.   

Алхас Манаргьиа Sputnik иаиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала Европа ачемпионат иалагеит рашәара 4 рзы, ихыркәшахеит рашәара 10 рзы финалтә хәмаррала. Аԥсны еизгоу акоманда аҵәҭаԥсарала агәыԥ "А" аҟны ихәмаруан. Аԥснытәи акоманда ачемпионат алҵшәақәа рыла аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит.


Ажәабжьқәа зегьы
0