Лили Ҳагԥҳа: абызшәаҭҵаараҿы иҟаҵатәу рацәоуп макьана

© Sputnik Амра АмҷԥҳаАфилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа 65 шықәса лхыҵра иазкны имҩаԥысит агәырӷьаратә еилатәара
Афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа 65 шықәса лхыҵра иазкны имҩаԥысит агәырӷьаратә еилатәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵааратә институт аҿы абызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа 65 шықәса лхыҵра иазкны имҩаԥысит агәырӷьаратә еилатәара.

Аҟәа, 13 рашәара — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҭҵаарадырреи ауниверситети рҟны 65 шықәса иалагӡаны арҵара знапы алаку ауаҩы илшаша рацәоуп. Абри атәы лҳәеит афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа.

"65 шықәса даара ирацәам аԥсуа изы, аха иагьмаҷым. Анцәа иҳаҭәаишьо зегь бзиоуп", — дԥышәарччо илҳәеит лара. 

Аҵарауаҩ илгәалалыршәоит ашкол шықәсқәа раан амедицинахь лхы лырхар шылҭахыз, Аҷандара ақыҭан амаҭәарқәа зегьы ибзианы ирхысуан аҟынтә уи аҩыза алшара лыман. Аха ашкол даналгоз ашықәсан Аԥсны аҵара аминистрра аҵаҩцәа рдыррақәа ахьынӡаҳараку ҳәа  агәаҭарақәа анымҩаԥыргоз аԥхьахә лгеит. 

Лили Ҳагԥҳа 65 шықәса лхыҵит - Sputnik Аҧсны
Абызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа 65 шықәса лхыҵит

"Аҵара аминистрра аҟынтә ауаа нарышьҭит, абри аԥҳәызба даара агәырҵҟәыл змоу абызшәа аганахьала ҳзықәгәыӷуа аӡә лоуп, даҽа гәҭакык лымазаргьы, абрахь даҳзиажәга ҳәа ажәа рнырҵеит сҭаацәа. Нас ҷыдала снаганы исацәажәо, сазаарган, убри ашықәсан сҭалеит аԥсуа-анемец ҟәша афилологиатә факультет Аҟәатәи арҵаҩратә институт", — лҳәеит Лили Ҳагԥҳа.

Еиҳау аҵараиурҭаҿгьы 120-ҩык рҟынтәи даҽазныкгьы деиӷьхеит. Аҩбатәи акурс даналга Қарҭҟа диаргеит аҳәынҭқарратә университет кавказтәи абызшәақәа рыҟәшахьы.  

Ауниверситет аҿы рҵаҩыс длыман академик Шьоҭа Арсҭаа.   

"Иҵаҩыс схы сыԥхьаӡоит. Џьара ак сылҵуашәа игәы иабеит. Издыруа ак агмырхакәа саҿуп", — лҳәеит аҵарауаҩ. 

2000 шықәса раахыс Аԥсуа ҭҵааратә институт аҿы абызшәа аҟәша деиҳабуп. Аҵарауаа лнапаҵаҟа аӡәымкәа аус руеит. Анаукатә усуҩцәа ҿарацәа рдисссертациатә усумҭақәа рыҩраан напхгаҩыс дыҟоуп. 

Лили Ҳагԥҳа лажәақәа рыла, лгәыбылра адуп акыр аџьабаа ахьылбо Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет. 

"30 шықәса ҵуеит уа аус суеижьҭеи. Астудентцәа анык леиԥш срыхәаԥшуеит. Еснагь аамҭа нымҵәандаз аҿари сареи ҳанеибабо ҳәа схәыцуеит", — лҳәеит афилологиатә наукақәа рдоктор.

Лили Ҳагԥҳа иуадаҩу апланқәагьы рацәаны илымоуп. 

"Академиатә грамматика ҳаҿуп, уи ҭҳажьроуп. Аорфографиатә жәар мазеиуп. Аԥҟарақәа ахԥатәи аҭыжьра мазеиуп. Нас апроблема ыҟоуп, аԥсуа жәлақәа рҩышьаҿы. Уаагьы ацхыраагӡа ҭҳажьраны ҳаҟоуп. Ҩ-мыз х-мыз рыла иҭҳажьраны иҟоуп еиуеиԥшым аусумҭақәа", — ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ. 

Аус адылулоит иара убас Аԥсны азы иҿыцу ахырхарҭа  - абызшәатә сахьа, лингвокультурологиа ҳәа захьӡу. Уи иазкын лара лдоктортә диссертациагьы. Ари атемала иҭылҵаахьоу зегьы хаз шәҟәны аҭыжьра гәҭакыс илымоуп.

Агәырӷьаратә хәылԥазы аҿы иқәгылоз ирҳәон, Лили Ҳагԥҳа лыстудентцәеи лареи реимадара шыдмырӡуа аҵара ашьҭахьгьы. 

Ҳагԥҳа: раԥхьа иргыланы ахдырра еизырҳатәуп

"Шьыжьи-уахеи дазыхиуоп рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара. Ишыҩтәу ажәа, мамзаргьы ақәыӷәӷәара ииашаны ишықәыргылатәу уҳәа, ирызцәырҵуа азҵаарақәа рыла илыдҵаалоит Лили Риза-иԥҳа", — иҳәеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.

Аԥсны ахада ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит аҵарауаҩ Владимир Занҭариа. Аҵарауаҩ Леонид Саманба аиубилиар илызкыз "Збаҩхатәра амҽхак ҭбаау" захьӡыз ажәахә ҟаиҵеит. 

Арда Ашәба иазгәеиҭеит Лили Ҳагԥҳеи зыԥсҭазаара иалҵхьоу лыԥшәма Анатоли Хьециеи аԥсуа бызшәаҭҵааразы акыр аџьабаа шырбахьоу. 

Абызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор,  "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Лили Ҳагԥҳа 80 инареиҳаны анаукатә статиақәа дравторуп. 

1988 шықәса рзы Лили Ҳагԥҳа акандидаттә диссертациа лыхьчеит. Ԥхынҷкәын 21 2006 шықәса рзы Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет аҟны адоктортә диссертациа лыхьчеит. 

Лили Ҳагԥҳа лассы-лассы аԥсуа-адыга бызшәақәа рыпроблемақәа ирызкны ажәахәқәа ҟалҵалоит еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аконференциақәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0