Аида Чачхалиаԥҳа: ақалақьуаа аӡы рырҭеит, аха макьана ажәра ҟалом

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасрарашәара 12 рзы ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны Тҟәарчал ақалақь ӡыла еиқәзыршәоз аӡиас адгьыл бганы иҭаҳаит.
рашәара 12 рзы ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны Тҟәарчал ақалақь ӡыла еиқәзыршәоз аӡиас адгьыл бганы иҭаҳаит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахьа, рашәара 12 рзы ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны Тҟәарчал ақалақь ӡыла еиқәзыршәоз аӡиас адгьыл бганы иҭаҳаит.

АҞӘА, рашәарамза 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәахьа, рашәара 12 рзы ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны Тҟәарчал ақалақь ӡыла еиқәзыршәоз аӡиас адгьыл бганы иҭаҳаит. Уажәазы ақалақьуаа аӡы рырҭеит, аха макьана ажәра ҟалом, иҟьашьуп, лҳәеит араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа.

"Аӡы ауааԥсыра ирырҭеит, аха ажәра ҟалом. Макьана иҟьашьуп. Иара ақалақь ахь иаазго атруба нышәла ишәаҳауп. Уаҵәы еиҭах атруба арыцқьаразы аӡы аанкылахоит", — лҳәоит лара.

Чачхалиаԥҳа ҭабуп ҳәа ралҳәеит оперативла Тҟәарчалҟа аӡыржәтә назгаз АҶА аусзуҩцәа. Аида Чачхалиаԥҳа макьаназ илызҳәом аӡы ужәыртәеиԥш ианзо.

Аида Чачхалиаԥҳа Sputnik иалҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Аӡы заанӡа акгьы узыҟаҵом. Уажәазы аӡеизакырҭатә станциаҿ афильтрқәа рықәыргылара иаҿуп", — лҳәеит лара.

Аида Чачхалиаԥҳа лажәақәа рыла афильтрқәа рықәыргылара хацыркын шықәсыбжак аԥхьа. Аусурақәа хыркәшахароуп мызк аҩныҵҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0