Адлеиԥҳа: актәи акласс ахь ирыдыркылеит 400-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рахь ицо ахәыҷқәа реихшара азыҳәа акомиссиа аилатәара мҩаԥысит.

АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауаажәлар рҿы еснагь агәынамӡарақәа ыҟоуп, арзаҳалқәа алазҵо рхыԥхьаҳареи, ҳара иҳадаҳкылараны иҟоу, анормақәа ирықәшәо ахыԥхьаӡареи еиқәшәаӡом, лҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа.

"Ишдыру еиԥш, Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа иаҵанакуа ахәыҷбаҳчақәа жәаха ыҟоуп. Абар ҩышықәсоуп акомиссиа аус ауеижьҭеи ахәыҷқәа абаҳчақәа рахь реихшаразыҳәа. Ҳара иҳамоуп Аҵара аусбарҭа зықәныҟәо аԥҟаррақәа, урҭ инарықәыршәаны, раԥхьа иргыланы зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа", — лҳәеит Адлеиԥҳа.

Лиудмила Адлеиаԥҳа Sputnik иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>> 

Уахь иаҵанакуеит ахәыҷырацәа змоу, зхала ахәыҷы дзааӡо, аибашьра иалахәыз рмаҭацәа, аинвалидцәа рхәыҷқәа, астудентцәа рыхшаара, иара убас, арепатриантцәа рыхшаара, зани заби аус зуа ахәыҷқәа.

"Иаҳҳәап хәыҷбаҳчак аҟны иҳазҳадымкыло, даҽакахьы иҳашьҭыр ҳалшоит. Аҭаацәа зегьы ирҭахуп рхәыҷқәа ахәыҷбаҳча ҿыцқәа рахь ирышьҭыр, аха ианалымҵуа ыҟоуп, нас ҳара даҽа хәыҷбаҳчақәак рыдаагалоит, уи иақәшаҳаҭхо ыҟоуп, иақәшаҳаҭымхогьы ыҟоуп", — азгәалҭеит Адлеиԥҳа.

Уи лажәақәа рыла арзаҳалқәа алаҵара иахьымӡаз аҭаацәарақәа ыҟоуп, урҭ рыхшара сынтәа рыдкылара залшом, лҳәеит уи.

Лиудмила Адлеиԥҳа иазгәалҭеит Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рахь сынтәа ирыдыркылеит 400-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0