Аҟәатәи аӡыканал ахәылбыҽха асааҭ фба рзы аӡынашьҭра иалагоит

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәатәи аӡыканал ахәылбыҽха асааҭ фба рзы аӡынашьҭра иалагоит
Аҟәатәи аӡыканал ахәылбыҽха асааҭ фба рзы аӡынашьҭра иалагоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамза 14 - 15 руха Аҟәа, аӡымҩангага ԥжәеит. Убри иахҟьаны ақалақь агәи ашьха иахьаԥнуи, Ажәытә ҳаблеи рҟны аамҭала аӡы ыҟам.

АҞӘА, рашәарамза 15 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аӡымҩангага аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Аибашьцәа-аинтернационалистцәа рымҩаҟны. Иазыԥхьагәаҭоуп аусурақәа асааҭ фба рзы рхыркәшара.

Абри атәы Sputnik акорреспондент илеиҳәеит "Аӡыканал" анџьныр хада Мираб Анқәаб.

Аҟәа араион Ахадара ааигәара ииасуа аӡымҩангага ԥжәеит, аҿыц ашьҭаҵараз алшара ыҟам, иара қәыршәтәхоит? иҳәоит анџьныр хада. Амшцәгьа русура ишаԥырхагоугьы амаҵзура аусуҩцәа атруба аиҭашьақәыргыларазы иааиԥмырҟьаӡакәа аусура иаҿуп.

"Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ианаҳҳәаз аамҭаз ауааԥсыра аӡы роурц азы. Ҳаргьы ҳаилышәкаа", — иҳәеит Анқәаб.

Рашәарамза 14 — 15 руха Аҟәа, аӡымҩангага ԥжәеит. Убри иахҟьаны ақалақь агәи ашьха иахьаԥнуи, Ажәытә ҳаблеи рҟны аамҭала аӡы ыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0