Кәыҵниа: ақалақь ауааԥсыра ҳусбарҭахь аҭел иаҳзасуан

© Sputnik / Томас ТхайцукАҶА. Архивтә фото
АҶА. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 15 рзы Аҟәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны амҩадуқәа аӡы рнылеит, аҩнқәа ирыҩналеит, аӡиасқәеи акәараҷҷақәеи рыҭра иҭыҵит. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа ауаа ацхыраара рырҭон.

АҞӘА, рашәарамза 16 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. 35-ҩык рҟынӡа АҶА ахь аҭел иасит иахеи иахьеи, иҳәеит Sputnik акорреспондент ҭелла дзыҿцәажәоз АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

Иара иажәақәа рыла, аминистрра аусзуҩцәа аӡы зҵалаз ауаа ҵхыбжьонынӡа ацхыраара рырҭон.

Шьеглов имҩаҿ аҩнқәа аӡы рыҵалеит - Sputnik Аҧсны
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра: Шьеглов имҩаҿ аҩнқәа аӡы рыҵалеит

"Аӡы ҭаҳгон, амҩақәа ықәҳаӡәӡәаауан. Алыкь убриаҟара ықәнажьит, ҩнқәак рахь неишьа амамкәа. Иара уажәгьы амашьынақәа, ауаа аусура иаҿуп", — иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла ашьыжь асааҭ 5 инаркны атехника ақалақь аҩныҵҟа аус ауан, амҩақәа дрыцқьон.

"Амашьынақәа ҳашьҭит Ҷанба имҩахьгьы. Ауаа ҳразҵаауеит ацхыраарас ишәҭахузеи ҳәа. Иҳалшо ала аус аауеит", — иҳәеит Кәыҵниа.

Рашәарамза 15 рзы Аҟәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны амҩадуқәа аӡы рнылеит, аҩнқәа ирыҩналеит, аӡиасқәеи акәараҷҷақәеи рыҭра иҭыҵит.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа ауаа ацхыраара рырҭон.

Ажәабжьқәа зегьы
0