АҞӘА, рашәарамза 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ихы алаирхәит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аколлегиа аилатәара, иагьазгәеиҭеит аусура ааныжьразы арапортқәа зҩыз Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа зегьы русура иамхтәуп ҳәа.
"Ауаа аԥара рымкәкәаара азин ҟаҳҵарц азоума арапортқәа зыжәҩыз. Ҳара уи азин шәаҳҭараны шәыҟам. Еилкаауп шәулафахәы рацәаӡак ишыҟамгьы, аха асеиԥш ахымҩаԥгара ҟалом", — иҳәеит иара.
Массала автоинспекциа аусзуҩцәа арапортқәа рыҩра шьаҭаны иамоуп урыстәылатәи амашьынақәа раанкылара азин ахьрымырхызи амҩаҟны "аԥареизгара" ахьаанкылои. Арапортқәа анырыҩ ашьҭахь иҟоуп зусурахь ихынҳәыз аусзуҩцәа.
Асеиԥш аҭагылазаашьа Ҳаџьымба хаԥышәароуп ҳәа ишьоит, арзаҳалқәа зҩыз зегьы русурақәа ирымхтәуп ҳәагьы иҳәоит.
"Арҭ рҩызцәа ауаа ара исымбароуп. Аҵарҭышагара ҳаҟәыҵроуп", — иҳәоит атәыла Ахада.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ААУ аусзуҩцәа изныкымкәа агәҽанҵарақәа шрырҭахьаз аҳәаанырцәтәи аномерқәа змоу автомашьынақәа аанырмкылаларц, урҭ амҩатә ԥҟара еиларымгазар, аха аҭагылазаашьа шыҟац иаанханы иҟоуп.