Ҳаџьымба: агәра згоит аҽыбӷаҟазатә спорт аҿы ақәҿиарақәа шеиҳахо

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аҽтәы спорт Афедерациа алахәылацәа дырԥылеит
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аҽтәы спорт Афедерациа алахәылацәа дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҽыҩҷкәын Урыстәыла Ахада иаԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы аиааира игеит рашәара 12 рзы.

АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аҽтәы спорт Афедерациа алахәылацәа рԥылараан иҳәеит аҽыбӷаҟазатә спорт аҿы аиааирақәа шеиҳахо.

Аҳәынҭқарра ахада даҽазныкгьы Афедерациа алахәылацәа дрыдныҳәалеит Аԥснытәи аҽыҩҷкәын Станислав Круглыхин дзықәтәаз аҽыҩ Конард Лорд Урыстәыла Ахада иаԥхьахә агараан аиааира агара ахьилшаз азы.

"Агәра згоит ҳарҭгьы араҟа аспорт аганахь ала иҳалшо адгылара шаҳҭо. Иахьа ҳекономикатә ҭагылазаашьа зегь алымшозаргьы, аспорт иадҳәалоу егьырҭ ахырхарҭақәагьы ҳрыдгылоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Урыстәыла ахада ихраҿа Аԥснытәи аҽы иахьагаз ихьӡырҳәагоу хҭысуп.

Аԥснытәи аҽыҩҷкәын Урыстәыла Ахада иаԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы аиааира игеит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҽыҩҷкәын Урыстәыла Ахада иаԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы аиааира игеит

Аԥсны аҽтәы спорт Афедерациа аиҳабы Аслан Камлиа атәыла ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аиԥылара ахьымҩаԥигаз азы.

"Ари ахҭыс ҭоурыхны иаанхоит, адгылара ахьҳашәҭаз азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Ҳаԥхьаҟа аус бзиақәа шьҭоуп, аиҿкаара ҳалшо Анцәа иҟаиҵааит, аҳәынҭқаррагьы аԥсуа жәларгьы ҳарԥхашьом, иҳалшо ахәыҷы аҟны ҳхы ҳаигӡаӡом", — иҳәеит Камлиа.

Уи излеиҳәаз ала, уажәы аҽазыҟаҵаратә усурақәа цоит Аԥсны Ахада иаԥхьахә агаразы аицлабрақәа реиҿкааразы.

Анаҩс Аслан Камлиа аҳәара ҟаиҵеит Урыстәыла Ахада ихраҿа Аԥсны Ахада ихан аҟны иҟазаарц азы.

Аҽыҩ Конард Лорд 2400 метра иахысит 2 минуҭки 32 секунды рыла. Аиааира згаз 10 миллион мааҭк ианашьоуп. Уи адагьы аҽыҩ искульптура ҳамҭас иҭоуп. Ҳамҭас иҭоуп хьыӡҳәалатәи аҽуапҵаршә. Аицлабра аиҿкааҩцәа аԥхьахә — Ахраҿа, ҷыдала инапы иадыркит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Ажәабжьқәа зегьы
0