Ҳаџьымба: ауаажәларратә хеилакқәа ААР (МВД) аҟны адагьы иҟазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча президента с общественной палатой
Встреча президента с общественной палатой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәим Ауаажәларратә палата аилатәара азкын атәылаҟны аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟоу аҭагылазаашьақәа рылацәажәара.

АҞӘА, рашәарамза 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауаажәларратә хеилакқәа аԥҵзароуп аҳәынҭқарратә усура аусхкқәа зегьы рыҟны, иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба изаамҭанытәим Ауаажәларратә палата аилатәараҟны. Аилатәара азкын атәылаҟны аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟоу аҭагылазаашьақәа рылацәажәара. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟни Апрокуратура хадаҟни ауаажәларратә хеилакқәа раԥҵара иара ишиаԥшьгамҭоу.

"Ҳалагап абас: абра итәоуп Џьӷамазиаа рҭаацәа. Ауаажәларратә палата абарҭ рус аганахьала ашьаусҭҵаара шцо хылаԥшра арҭар ӡәыр имуа дыҟоума? Мап", — иҳәеит атәыла Ахада.

Ареспубликаҟны ацәгьоурақәа дырзааҭгыло атәыла Ахада иҳәеит, адунеи аҟны ишыҟам ҳәынҭқаррак, ацәгьоура ҭыԥ ахьамам.

"Исашәҳә иарбанызаалак ҳәынҭқаррак ацәгьоура иахьаиааиз. Аҳәынҭқарра иауалу уи ишалшо ала армаҷроуп, абри аганахь ала аус зуа ауаа адгылара рыҭароуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит амчратә структурақәа рхаҭарнакцәақәаки ацәгьоуцәеи аӡәыкны ианыҟалало шыҟоугьы. Рауль Ҳаџьымба иҳәеит Аԥсуара иалацәажәо ауаа уи еснагь ишықәымныҟәо.

"Ҳара ҳара ҳаиҵаӷьычуеит, ҳҵааибарҟәрылоит, нас ҳаишьцәоуп ҳҳәоит", — иҳәеит иара.

Аиԥылара иалахәын атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба, Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Зураб Марганиа, Апрокурор хада Зураб Ачба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа, Апарламент адепутатцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0