Абокс азы аҟазаратә классқәа мҩаԥысуеит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАбокс азы аҟазаратә классқәа мҩаԥысуеит Гагра
Абокс азы аҟазаратә классқәа мҩаԥысуеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абокс азы аҟазаратә классқәа еиҿкаауп Гагратәи аспортсменцәа рзы рашәара 20 инаркны, ԥхынгәы 4-нӡа.

ГАГРА, рашәара 30 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Рашәара 20 инаркны, ԥхынгәы 4-нӡа, Гагра ақалақь, аԥсшьарҭа ҩны "Нарҭ" аспорттә ашҭаҟны, абоксиорцәа қәыԥшцәа рзы аҟазаратә классқәа мҩаԥылгоит апрофессионалтә бокс азы СНГ-еи аславиантә ҳәынҭқаррақәеи рчемпионка Иулиа Куценко.

Ааҩык апрофессионалтә боксиорцәеи акикбоксиорцәеи аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы Гаграҟа иааит, ахәыҷтәы спорттә школ №1, абокс азы азыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа иҟаиҵаз ааԥхьарала. Аха дара рхатәы ҽазыҟаҵарақәа инарываргыланы, аҟазаратә классқәа рзымҩаԥыргоит аԥсуа спортсменцәагьы.

Аратәи аҳауа зҩыдеи, ашьхақәеи амшыни ирыбзоураны, аспорттә ҽазыҟаҵарақәа рнаҩс, Урыстәылантәи иааз асасцәа ргәабзиарагьы шьақәдыргылоит.

"Сара ааигәа ачемпионат сԥеиԥшуп. Убри аҟнытә, амшын аԥшаҳәаҟны имҩаԥызго аҽазыҟаҵарақәа еиҳагьы агәамч сырҭоит", — лҳәеит апрофессионалтә бокс WBC ахырхарҭазы ачемпионка Иулиа Куценко.

Аҟазаратә классқәа иаадырԥшит, Гагратәи абоксиорцәа аҟыбаҩ ҷыда шрылоу.

Иулиа Куценко лажәақәа рыла, дара раԥхьаҟа узықәгәыӷша спортсменцәахоит.

Азыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа ихәҭакахьала, асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иааӡамҭацәа рԥышәа аизырҳаразы, абокс ахырхарҭаҟны, иахьатәи ҳаамҭа иашьашәало атехникақәа ахьдеилдыркааз.

"Агәра згоит, адунеи аҟны, зыхьӡ наҩхьоу аспортсменцәа иаҳзымҩаԥыргаз аҽазыҟаҵарақәа, иаҳԥеиԥшу ачемпионатқәа раан акырӡа иҳахәап ҳәа", — азгәеиҭеит Гагратәи ахәыҷтәы-аҿартә спорттә школ №1, абокс аҟәша алахәҩы Герман Арџьениа.

Ажәабжьқәа зегьы
0