Рауль Ҳаџьымба Владислав Сурков диԥылараны дыҟоуп ԥхынгәы 3 рзы Аҟәа

© Sputnik Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба Владислав Сурков диԥылараны дыҟоуп
Рауль Ҳаџьымба Владислав Сурков диԥылараны дыҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Рауль Ҳаџьымбеи Владислав Суркови иазыԥхьагәарҭоит ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа рылацәажәара.

АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владислав Сурков диԥылараны дыҟоуп ԥхынгәы 3 рзы Аҟәа, ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

"Аусутә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Рауль Ҳаџьымбеи Владислав Суркови иазыԥхьагәарҭоит ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәеи ԥхьаҟазы аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаареи рылацәажәара", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Владислав Сурков Аԥсныҟа аҵыхәтәантәи ивизит мҩаԥысит 2016 шықәса, рашәарамзазы. Усҟантәи аиԥылараан иалацәажәан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма анагӡашьа азҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0