Бурҳаҭҭин Бадиа: ҳ-Аԥсны аԥсуара ахьмыӡуа, ҳбызшәа аԥсы ахьҭоу ҳаԥсадгьыл ауп

© Foto / Сырма АшәԥҳаБурҳаҭҭин Бадиа
Бурҳаҭҭин Бадиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Бурҳаҭҭин Бадиа дазааҭгылоит иабдуцәа атәым дгьыл ахь ишықәнагалаз атәы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Бурҳаҭҭин Бадиа шьҭрала даԥсыуоуп. Иара иан д-Агәымааԥҳан. Аԥснынытә Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара иақәшәаз Бадиаа жәаҭӡык иреиҳаӡам. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит Бурҳаҭҭин иажәақәа. Иареи сареи ҳаиҿцәажәара хациркит иабдцуәа ирхыргаз аҭоурых ала. 

"Сабду иашьцәеи иареи, рҵакыреи Аԥсны Џьгьарда иқәҵқәаз иреиуоуп. Џьгьардантә ихҵәақәаз ара иҟоу ақыҭақәа Џьгьарда-Сауку, Узунџьуорман, Акьҭефеқь аҭыԥқәа рахь иқәнагалеит, уа анхара иалагеит. Ҳабацәа  арра ицеит, аибашьра иалалеит. Аибашьрақәа рҟны дара аума аџьабаа рбеит, иҭахақәаз ҟалеит. Сара сабгьы ԥшьышықәса иара иҽала, иара ишәақь ала ар дрыцны аибашьра далагылеит", — дцәажәон Бурҳаҭҭин. 

Бурҳаҭҭин Бадиа 40 шықәса инарзынаԥшуа Ҭырқәтәыла ашкол аҟны аус иухьеит. Иара гәалас имоуп усҟан ашкол иҭаз аԥсуаа, шәбызшәала аҩны шәцәажәала, ара шәҵарадырра аизырҳаразы аҭырқәа бызшәа шәҵа ҳәа ахьреиҳәалоз  

"Уи усҟан иакәымны иҟасҵеит. Ҳанацәа уиаҟара аҭырқәшәа рыздырӡомызт. Аҩны зегьы иҳаҳауаз аԥсуа бызшәа акәын. Ахәыҷқәа ашкол ашҭа ианҭалалак, ҭырқәшәала акәымзи аҵара шымҩаԥысуаз ара, аҵара иахьымӡар, иаҵахар ҳәа сшәаны, ҭырқәшәала шәцәажәала ҳәа расҳәон. Уажәеиԥш схәыцра ыҟазтгьы, ус иҟасҵараны сыҟазма", — игәалаиршәоит иара. 

Бурҳаҭҭин Бадиеи, иԥшәма ԥҳәыс Ҳауа Ахԥҳаи хҩык ахшара рымоуп, ирызҳауеит рмаҭацәа. 

"Сара сышьҭра зегьы Аԥснынтә иқәҵқәаз роуп. Ҳара ара ҳахьӡеит азы, урҭқәа уиаҟара иҳаздырӡом. Ахаа, Бычка ақыҭаҿы инхоит. Хҩы аишьцәа сымоуп. Ара аус зымуа аҳәса аҩны рхәыҷқәа рааӡоит, аҩн усқәа ныҟәыргоит, пату рықәуп. Ҳтәашьа ҳгылашьа, ҳхымҩаԥгашьа ҳазланхо ажәлар иргәаԥхоит, ҳара ианаҳҿыԥшуагьы ыҟоуп", — ҳәа азгәалҭоит Ҳауа.  

Ҳауа Ахԥҳа аԥсуара излалышо ала иныҟәылгоит. Лара излалҳәо ала, аԥсуара убриаҟара иԥшӡоуп, уатәнамтәырц залшом.

Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәеи аԥсуареи ирызҿлымҳау ҳџьынџьуаа: аԥсуа қыҭа Бычка аԥсҭазаара

"Санхәа, сабхәа уҳәа, аҭаацәараҿы ҳрацәаҩны ҳаҟан. Сабхәеи сареи 19 шықәса ҳмеицәажәаӡеит, ҳаиццәырымҵӡеит, сыԥшәмеи сареи џьара ҳаицааир ҟаломызт. Ус иҟан усҟан. Уажәы урҭқәа рныҟәгара еиҳа имариахеит. Аҭаацәа акрырфонаҵы ушьапы ухгылан рымаҵ уур акәын, улаԥш рхызар акәын. Аиаша уҳәозар, аԥсуара гәхьааҳгоит. Аԥсуара бааԥсӡам. Аԥхьара шыбзиоу еиԥш, аԥсуарагьы убас ибзиоуп. Сыхшара аҵарақәа рымоуп, зегьы ирыцку рхатәы бызшәа рдыруеит", — дцәажәон Ҳауа. 

Аԥсуара аԥхьа угылан амаҵ ууроуп, мамзар уарԥхашьоит. Аԥсуа илеишәа, иламыс, иқьабз, жәытә аахыс даара иԥшӡаны имоуп. Аҳратәра ҳәа ажәытә иҟаз уи сазыразым, ҳәа азгәалҭеит Ҳауа.

"Аԥсуаа аидгылара, аибабара, аилибакаара рымазароуп. Аӡәы акы игхаргьы, игхаз ила инхымыкшалакәа изнагашьа дақәшәароуп. Убриауп аҳаҭыреиқәҵара захьӡугьы. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа Аԥсныҟа рылаԥш хазароуп, изларылшо ацхыраара, адгылара арҭароуп, бзиахәыцрала иазнеироуп. Ҳара ара аԥсадгьыл хамаӡам, ҳара ҳаԥсадгьыл ахьыҟоу-Аԥсноуп. Ԥсышәала ара ҳцәажәозар, шәымцәажәан ҳәа хазҳәо уаҩ дыҟаӡам. Аԥсшәа ҳмырӡроуп. Ҳахшара Аԥсныҟа инеилар иааилар ҳҭахуп. Аԥсны гәыла-ԥсыла, хшыҩла ҳацхраароуп. Ҳ- Аԥсны аԥсуара ахьмыӡуа, ҳабызшәа аԥсы ахьҭоу ҳаԥсадгьыл ауп!" — иҳәеит Бурҳаҭҭин.

Бурҳаҭҭин иԥшәма ԥҳәыси иареи Аԥсныҟа иаахьеит, ргәыбылра адырҵахьеит. Хымԥада, ргәаҳәара иалоуп аԥсуаа зегьы рыҩн ду Аԥсны еиднакыларц. 

Ажәабжьқәа зегьы
0