Ацәгьоуцәа ахатәы ҩнаҿы ақәылара ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпрокуратура хада
Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зхаҭара шьақәыргылам ахаҿқәа автомати атапанчақәеи кны ахатәы ҩнаҟны инхоз аҭаацәа ирықәлеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 4— Sputnik. Зхаҭара шьақәыргылам ахаҿқәа автомати атапанчақәеи кны Ӡиӡариа имҩаҿ игыло ахатәы ҩнаҟны инхо Лаша Цаава иҭаацәа ирықәлеит ԥхынгәымза 2, асааҭ 23:30 рзы. Абри атәы аҳәоит Апрокуратура хада асаит аҟны.

Ацәгьоуцәа 75 000 мааҭи ахьымаҭәеи, "Калашников" иавтомати ргеит, аҩны аԥшәма имашьына "Ситроен С-кросс" ала ибналеит.

Абри ахҭыс аганахь ала ашьаус хацыркуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьауӷатә Кодекс ахәҭаҷ 159 ахәҭа 4 "б" инақәыршәаны.

Имҩаԥысуеит ацәгьоуцәа рышьақәыргыларазы аоператив-ҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0