Аԥсны иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны адокументқәа рыдкылара иалагеит

© Фото : Евразийская ассоциация университетовАԥсны иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны адокументқәа рыдкылара иалагеит
Аԥсны иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны адокументқәа рыдкылара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Аҟәатәи иаарту аинститути рҟны абитуриентцәа рдокументқәа рыдкылара иалагеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны адокументқәа рыдкылара иалагеит ԥхынгәы 4 рзы, ихыркәшахоит ԥхынгәы 14 рзы. Абри атәы ҳалҳәеит адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Ева Озган. Лара лажәақәа рыла аԥхьатәи амшқәа рзы иааиуа маҷуп.

"Аиҳарак аҵыхәтәантәи амшқәа рзоуп ауаа анырацәахо. Афакультетқәа быжьба рахь ашәҟәқәа ҳадаҳкылоит. Иара убасгьы иҟоуп аҟазара аҟәша", — лҳәеит Озган.

Ауниверситет аҿы аус руеит: афилологиатә, афизика-математикатә, арҵаҩратә, абиолого-географиатә, аекономикатә, аҭоурыхтә, азиндырратә, агроинџьныртә факультетқәа.

"Сынтәа афилологиатә факультет аҟны иаартхоит ахырхарҭа ҿыц – аиҭагара атеориеи акультурабжьаратә коммуникациеи", ҳәа еиҭалҳәоит Озган.

2017 шықәса рзы ААУ аҟны аҳәынҭқарратә ҿаҵазы иааныжьуп 346 ҭыԥ. Аиҳарак урҭ арҵаҩратәи ақыҭанхамҩатәи хырхарҭақәа роуп.

"Аҳәынҭқарратә ҿаҵа еиҿыркаауеит ареспублика зыда ихәарҭам акадырқәа азыԥхьагәаҭаны. Иара убасгьы иҟоу зыхә ршәо аҭыԥқәа", — лҳәоит акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ.

Лара иазгәалҭеит ииасыз ашықәс аан ахимиа, абнанхамҩа, аменеџьмент рхырхарҭақәа рҟны адкылара шзымҩаԥымсыз.

"Угәы иамыхәар ауам абитуриентцәа аԥсуа бызшәеи алитературеи, аҭоурыхи рахь рхы ахькыду. Ирацәаҩуп азиндырра зҭаху", — лҳәоит Озган.

Лара лажәақәа рыла иахьазы ауниверситет иҭоуп х-нызқьҩык астудентцәа.

Аҟәатәи иаарту аинститут аҟны адокументқәа рыдыркылоит рашәара 13 инаркны, ԥхынгәы 17 рҟынӡа. Усҟан ауп раԥхьатәи аԥышәарақәагьы ианрылаго.

"Иахьазы 20 рҟынӡа рзаҳал ааргахьеит. Аиҳарак азиндырра, аекономика, адәныҟаекономикатә усура, аҳазалхра рахь", — лҳәоит адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Медеиа Сангәлиаԥҳа.

АИА (СОИ) аҟны жә-факультетк рахь адкыларақәа мҩаԥгахоит: бухучети аудити, адунеитә економикеи жәларбжьаратәи аекономикатә еизыҟазаашьақәеи, агроекономикеи адгьылеиҿкаареи, анаплакреи ашәахтәқәеи, азиндырреи аекономикеи, адәныҟаекономикатә усуреи аҳазалхреи, акурортқәеи атуризми рнапхгареи, аекономикаҿ акомпиутортә технологиақәеи абанктә усуреи.

"Уажәазы ҳинститут аҟны азыҟаҵаратә ҟәша иҭаз аԥышәарақәа рҭиуеит", — лҳәоит Сангәлиаԥҳа.

Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭалараан аԥыжәара рымоуп амедалистцәеи ареспубликатә олимпиадақәарҟны аиааирақәа згази.

Ажәабжьқәа зегьы
0