Астана ихацыркхеит Шьамтәылазы аиҿцәажәарақәа

© Sputnik / Сергей Субботин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАстана ихацыркхеит Шьамтәылазы аиҿцәажәарақәа ахәбатәи рраунд.
Астана ихацыркхеит Шьамтәылазы аиҿцәажәарақәа ахәбатәи рраунд. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астана ихацыркхеит Шьамтәылазы аиҿцәажәарақәа ахәбатәи рраунд.

АҞӘА, ԥхынгәы 4— Sputnik. Астана ихацыркхеит Шьамтәылазы аиҿцәажәарақәа ахәбатәи рраунд ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Мышкы аԥхьа имҩаԥысит ҩ-ганктәи аиԥыларақәа, аекспертцәа рыҩаӡарала. Аҩашаҽны дара аделегациақәа рхадацәа рыҩаӡарала имҩаԥгахоит. Аиҿцәажәарақәа иртема хаданы иҟоуп адеескалациа азонақәа рышьақәыргылара. Уи азы лаҵарамза 3-4 рзтәи аиԥылараан ирыдкылан амеморандум.

"Уажәы ҳалацәажәоит урҭ азонақәа рышьақәыргылашьа атәы. Уи азы ахсаала шьақәыргылатәуп, нас уа ахылаԥшрақәа мҩаԥгалатәуп. Иара убасгьы урҭ аҭыԥқәа рҟны иҟоу "Ан-Нусреи" "Исламским государствеи" рызҵаарагьы ӡбатәуп", ҳәа азгәаиҭеит ахыҵхырҭа.

Иара убасгьы ахәбатәи араунд иатеманы иҟоуп амилаҭтә еинышәаразы Шьамтәылатәи аилак аԥҵара.

Шьамтәыла аҭынчра аҭышәныртәаларазы араундқәа ԥшьба мҩаԥысхьеит

Астана: ажьырныҳәа 23-24, жәабран 15-16, хәажәкыра 14-15, лаҵарамза 3-4 рзы.

Урҭ ирылҵшәахеит амца аанкылара арежим ахылаԥшра аҭаразы аоперативтә гәыԥ аԥҵара, адеескалациа аԥҵаразы амеморандум. Дара рзырхоуп Шьамтәыла аҵакырадгьылтә акзаареә ҭышәныртәалара аҭареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0