Путини Си Цзиньпини Кореиатәи адгьылбжьахеи Сириеи ирылацәажәеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутини Си Цзиньпини Кореиатәи адгьылбжьахеи Сириеи ирылацәажәеит
Путини Си Цзиньпини Кореиатәи адгьылбжьахеи Сириеи ирылацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путини Си Цзиньпини еиқәышаҳаҭны ирыӡбеит Кореиатәи адгьылбжьахаҿы аҭынч еиҿцәажәарақәа рымҩаԥгараз ацхыраара рурц.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путини КЖәР (КНР) ахантәаҩы Си Цзиньпини еиқәышаҳаҭны ирыӡбеит Кореиатәи адгьылбжьахаҿы аҭынч еиҿцәажәарақәа рымҩаԥгараз ацхыраара рурц. Абри атәы аанацҳаит Sputnik Латвиа, РИА Новости адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Атәылақәа рхадацәа рҩыџьагьы ргәаанагарақәа еибырҳәеит Кореиатәи адгьылбжьахеи Шьамтәылеи рызҵаарақәа рзы. Дара ақәшаҳаҭхеит Урыстәылеи Китаии астратегиатә еиҩызара ԥхьаҟагьы идырҿиалар шакәу. Дара аҽазныкгьы инаҵшьны иазгәарҭеит америкатәи ПРО THAAD Аладатәи Кореиа аргылара иашам ҳәа.

Владимир Путин иажәақәа рыла Урыстәылеи Китаии жәларбжьаратәии арегионалтәи проблемақәа рзы ражәа еибырҭар ауп.

Си Цзиньпин иакәзар иҳәеит, Урыстәылеи Китаии ҩ-ганктәи русеицура дырӷәӷәалар шакәу, иара убасгьы амилаҭтә суверенитети ашәарҭадареи ринтересқәа рыхьчаразы русеицура дырҿиалар шакәуу.

Ажәабжьқәа зегьы
0