АҞӘА, ԥхынгәы 6, Sputnik. Директорс сыҟаҵара еиҳарак изызку — акапелла ацхыраара ауп, абри атәы иҳәеит Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба.
"Ииашаны асахьаркыратә напхгаҩыс адагьы, ахортә капелла директорсгьы сыҟан. Уажәы сахьарҭаз, ақьаад ус сара сзы акгьы аҵанакӡом, избан акәзар гәыкала акапелла сара исылшоз ала сацхраауан. Раԥхьаӡа иргыланы директор сыҟаҵара зызку — акапелла ацхыраара ауп", — ихәеит Ҷанба.
Нодар Ҷанба иазгәеиҭеит, адунеиаҿы апроблема змам арҿиаратә коллективқәа шыҟам.
Нодар Ҷанба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра
"Уажәы акапелла асахьаркыратә напхгаҩы Нора Аџьынџьал, акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа абас иансыдыргала еиҳа еиӷьуп, аус иацхраауеит ҳәа ишәԥхьаӡозар сҳәан сақәшаҳаҭхеит. Аколлектив иамоу апроблемақәа здыруеит аҩнуҵҟала, зегьы маншәалахап ҳәа сгәы иаанагоит", — ацыиҵеит иара.
Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аиҳабыс дҟарҵеит Аԥсны акультуреи акультуратә-ҭынха ахьчареи аминистр лықәҵара инақәыршәаны рашәара 30 рзы.