Аланаа аԥсуа сценаҟны

© Sputnik / Илона Хварцкияауаԥс ансамбль "Симд" ақәгылара
ауаԥс ансамбль Симд ақәгылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аланиа Ахада Анатоли Бибилов Аԥсныҟа иаара иаԥхьанеиит ԥхынгәы 6 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны ауаԥс ансамбль "Симд" ақәгылара.

Амра Амҷԥҳа, Sputnik

"Аҭыԥҳацәа рыкәашарала" ансамбль "Кавказ" иаанартит афилармониаҟны имҩаԥысуаз "Симд" аконцерт.

"Мшыбзиа имратәылоу Аԥсны! Мшыбзиа ифырхацәоу ҳашьцәажәлар! Салам шәнаҭоит Аланиатәыла! Ҳара ҳәашьак амамкәа ҳаигәырӷьоит ацәгьеи абзиеи раан еиԥшны иҳавагыло Аԥсуа жәлар ахьҳамоу. Ҳара иахьа ишәаҳҭар ҳҭахуп ҳкультура аҟәырҷахак, ҳҟазара ахәҭак", — лҳәеит Валентина Гатикоева, ансамбль ақәгылара ахәаԥшцәа ирылаҳәо.

Ансамбль иахьӡылоу акаәашара ссир "Симд" ала иаадыртит акәашаҩцәа рконцерт. Аԥҟа шкәакәақәа иреиԥшыз аҭыԥҳацәеи амцабз иамазкуаз арԥарцәеи дара дара рҽеимырдон.

Ансамбль ахор акәзар, ауаԥс ашәақәа реиԥш аԥсуашәа "Ахра ашәа" нанагӡеит. "Симд" апрограммаҿы ишышьақәгылахьоу еиԥш аҩбатәи акәашара аԥсыуа кәашаран, аԥсуааи ауаԥсааи реиҩызара иашьанан.

Аконцерт иалахәын аԥсуа артистцәагьы.

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны зҽаԥсазтәыз артист Вианор Логәуа напхгара зиҭо Ашәаҳәареи акәашареи Очамчыратәи рансамбль "Ерцахә" инанагӡеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа иахьагьы еиқәырханы ирымоу аԥсуа жәытә кәашара.

Акәашара "Аиааира" акәзар сасгьы-аԥшәымагьы рылаӷырӡ аанагеит, избанзар иахьеиԥш иугәаланаршәон Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуааи ауаԥсқәеи реиҩызара. Григори Кочиев икәашара акәзар азал атәнатәит. Инапаҿы иикыз аҟамақәа мацәысеимҟьаран адашьма иналашьшьуан, уа иагьаанхон.

Асасцәа рвокал-хореографиатә композициа "Праздник в Осетии" аҟны асасцәа ачеиџьыка рыманы ирԥылон.

"Милаҭ маҭәала иубар ауеит ауаԥсқәа ирҭоу асасцәа зусҭцәоу. Сара зегь раасҭа абри акәашара сгәаԥхеит", — лҳәеит аҭыԥантәи ахәаԥшҩы.

"Симд" аконцерт хыркәшан акәашара "Аланы" ала. Азал ршьапы иқәгыланы имҩаԥыргон артистцәа. Атәыла Ахада Иусбарҭа аусзуҩы даԥхьеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Идҵа. "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп: Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә ансамбль "Симд" адирижиор хада Залина Сапиевеи ансамбль асолистцәа Маирбег Болотаеви Зарине Джабиевеи.

Ансамбль "Симд" Аԥсны аҟазаараан иқәгылараны иҟоуп: Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0