Анатоли Бибилови Рауль Ҳаџьымбеи еиԥылеит

© Sputnik / Илона ХварцкияАнатоли Бибилви Рауль Ҳаџьымбеи еиԥылеит
Анатоли Бибилви Рауль Ҳаџьымбеи еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анатоли Бибилов Аԥсны усутә визитла дааны дыҟоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Имҩаԥысит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилови реипылара ҳәа аҭыԥ аҟынтә иааицҳаит ҳкорреспондент.

Ареспубликақәа рыҩбагь ргимн анадырҳәа ашьҭахь имҩаԥысит асасцәеи аԥшәмацәеи реибадырра. Рауль Ҳаџьымба Анатоли Бибилов идиныҳәалеит ааигәа ареспубликаҿы имҩаԥысуаз алхрақәа раан иигаз аиааира. Аԥсны Ахада иҳәеит аҩ-тәылак рыбжьара иахьазы иҟоу аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы ирыцҵалатәуп ҳәа.

Бибилов изыҟарҵаз адкылара ҟәандазы ҭабуп ҳәа ҳәаны Аԥсны Ахада Аахыҵ Уаԥстәылаҟа днеиԥхьеит.

Бибилов Владислав Арӡынба имемориал даҭааит - Sputnik Аҧсны
Бибилов Владислав Арӡынба имемориал даҭааит

Ажурналистцәа аламырхәӡакәа инарҭбаау аформат ала аиԥылара амҩаԥысра хацыркхеит. Аиԥылараан иазыԥхьагәаҭоуп аԥсуа-ауаԥс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рылацәажәара, ҩ-ганктәи адокументқәа анапы рыҵаҩра.

Аиԥылара алкаақәа ртәы еилкаахоит аиԥылара ашьҭахь имҩаԥысраны иҟоу апресс-конференциаҟны.

Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов зхадараҿы дыҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа дырԥылеит.

Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа ирԥылеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Гагра араион Ахада Заур Бганба, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев, Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев.

Бибилов зхадараҟны дыҟоу аделегациа иалахәуп: Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, Акультура аминистр Жанна Зассеева, Апрокурор хада Урузмаг Джагаев, КГБ ахантәаҩы Виктор Шаргаев, Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Анатоли Джиджоев, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Ажәабжьқәа зегьы
0