Ацҳаражәҳәаҩ: Урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аԥыжәара амазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев ахҳәаа аиҭеит ареспубликаҿ аҭыԥ зауз ацәгьоура.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз иазгәеиҭеит изныкымкәа ареспублика анапхгара ргәы рыҽшаниҵахьаз урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аԥыжәара аманы аҟазаара ахәҭоуп ҳәа.

"Сареи Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи ааханы иаабоит ари ацәгьоура. Сара хаҭала изныкымкәа ареспублика анапхгара ргәы рҽанысҵахьан урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аԥыжәара аманы аҟазаара ахәҭоуп ҳәа. Агәра згар сҭахуп азинхьчаратә усбарҭақәа иаарласны ирылдыршап ҳәа ацәгьоуцәа раанкылареи рықәнага рақәыршәареи", — иҳәеит Семион Григориев.

"Сара иахьаҵәҟьа Ацҳаражәҳәарҭа асаит аҟны адырра ҟасҵоит атуристцәа еиҳа рхымҩаԥгара иашьклаԥшларц. Макьаназы абри ауп иҟасҵарц исылшо", ҳәа иҳәеит Григориев.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Ацҳаражәҳәарҭеи ареспублика Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Апрокуратура хадеи иааиԥмырҟьаӡакәа аинырра шрымоу.

Урыстәылатәи атуристцәа аԥсихологиатә цхыраара рырҭоит - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи атуристцәа аԥсихологиатә цхыраара рырҭоит

Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа аԥсихологцәа рнапынҵақәа нарыгӡоит, абри аусхк аҟны дара шҟазацәамгьы, иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ.

"Ҳара урыстәылатәи амчра ахаҭарнакцәа иҟарҵараны ируалу зегьы мҩаԥаагоит арыцҳара иақәшәаз Урыстәыла атәылауаа рганахь ала", — иҳәеит иара.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Ацәгьоура ҟазҵаз ауаа рыԥшаареи рышьақәыргылареи рзы аусурақәа ирҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0