Адепутат: Аԥсны апарламент ақәыӡбоит урыстәылатәи атурист ишьра

© Sputnik / Томас Тхайцукадепутат Рауль Лолуа
адепутат Рауль Лолуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара иазнархиоит аҳәамҭа, Урыстәылатәи атуристцәа иахьрықәлаз иақәыӡбо. Абри атәы иҳәеит адепутат Рауль Лолуа.

Иара иажәақәа рыла иара убасгьы иазырхиахоит атәыла анапхгареи аиҳабыреи рахь ааԥхьаратә шәҟәы, аҭагылазаашьа иаарласны анырра арҭарц азы.

"Атәыла анапхгареи аиҳабыреи аҭагылазаашьа рнапахьы ианырзаамга аусқәа маншәаламкәа ахырхарҭа роур алшоит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аминистрцәа Реилазаара иалоуп. Аминистрцәа Реилазаара зегьы аҭакԥхықәра рыдуп атәылаҿ асоциал-економикатә ҭагылазаашьазы, акриминогентә ҭагылазаашьагьы абрахь иналаҵаны", — иҳәоит Лолуа.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа - Sputnik Аҧсны
Ацҳаражәҳәаҩ: Урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аԥыжәара амазароуп

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Ацәгьоура ҟазҵаз ауаа рыԥшаареи рышьақәыргылареи рзы аусурақәа ирҿуп.

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәны имҩаԥысит Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи атурист иҭархареи раарԥшразы иаԥҵоу Аоперативтә штаб аилатәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0