Акциа "Бежим со смыслом" алахәылацәа рҭаҩра иалагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" рсаит
Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа рсаит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23 рзы, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш аҽны Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" имҩаԥыргараны иҟоуп акциа "Бежим со смыслом".

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынгәы 23 рзы, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш аҽны Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" имҩаԥыргараны иҟоуп акциа "Бежим со смыслом".  Акциа алахәылацәа рҭаҩра хацыркуп ҳәа арбоуп "Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" асаит аҟны.

Ари акциа сынтәатәи аԥхынразы реиҳа инарҭбаау спорттә усмҩаԥгатәны иҟалоит. Акциа алахәра зҭаху зегьы рҭаҩра алыршахоит. Дасу иоуеит ихатәы номер. Убри аан дасу агәыҳалалратә ҟазшьа змоу аԥаралагала ҟаиҵоит.

Еизгахоу аԥара Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазырхахоит.

Иара убасгьы еиҿкаахоит алотареиа. Акциа алахәылацәа зегьы уи иалахәхоит. Алотареиаҟны иазыԥхьагәаҭоу аԥхьахәқәа иреиуоуп ҳаамҭазтәи асмартфон.

Ауснагӡатә мҩаԥгахоит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны. Иара иалахәхоит иара убасгьы Урыстәылатәи асасцәа, Италиа атәылауаҩ.

Акциа алахәра рылшоит изҭаху зегьы, алахәылацәа рхыԥхьаӡара ԥкым.

Ажәабжьқәа зегьы
0