Ҳаџьымбеи урыстәылатәи омбудсмен Титови аинвестициақәа ирылацәажәеит

© Фото : http://presidentofabkhazia.orgҲаџьымбеи урыстәылатәи омбудсмен Титови аинвестициақәа ирылацәажәеит
Ҳаџьымбеи урыстәылатәи омбудсмен Титови аинвестициақәа ирылацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу анаплакыҩцәа рзинқәа рыхьчараз Азинмчра змоу, ауаажәларратә еиҿкаара "Деловая Россия"ацхантәаҩ Борис Титов.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Аԥснытәии Урыстәылатәии абизнес аусеицуреи ареспубликахь аинвесторцәа радыԥхьалареи ирылацәажәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу анаплакыҩцәа рзинқәа рыхьчараз Азинмчра змоу, ауаажәларратә еиҿкаара "Деловая Россия" ацхантәаҩы Борис Титови. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

"Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аԥсны Урыстәылатәи анаплакыҩцәа реиԥш егьырҭ атәылақәа рҟынтәи анаплакыҩцәагьы аднаԥхьалоит ҳәа. Атәылаҟны акыр аԥсахрақәа аҭахны иҟоуп аинвесторцәа арахь иаарц азы", — ҳәа атәыла Ахада иажәақәа азгәаҭоуп асаит адырраҿы.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла уажәы имҩаԥысуеит Аинвестициатә программа анагӡара апроцесс, абжьаратәи абизнес маҷи ацхыраара рырҭоит, аԥыжәара рызуп атуризм, аенергетика, аграри русхк.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу анаплакыҩцәа рзинқәа рыхьчараз Азинмчра змоу, ауаажәларратә еиҿкаара "Деловая Россия" ацхантәаҩ Борис Титов иазгәеиҭеит аҿиара иацхырааҩ хаданы иҟоу ируаку аенергетика аусхк амодернизациеи атуризм алшара ҳаракқәеи роуп ҳәа.

Иара убасгьы дазааҭгылеит ареспубликаҟны аграртә сектор аҿиарагьы. Атәыла Ахада иҳәеит анаплакыҩцәа рзин ахьчара аусхк аҟны ацхыраара дшақәгәыӷуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0