Аԥсны Аԥыза-министр иҭахаз атурист иҭаацәа дырԥылеит

© Кабинет Министров АбхазииАԥсны Аԥыза-министр иҭахаз атурист иҭаацәа дырԥылеит
Аԥсны Аԥыза-министр иҭахаз атурист иҭаацәа дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аиҳабыра рхахьы иргеит иҭахаз атурист иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агаразы иахәҭаны иҟоу ахарџьқәа зегьы.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц иҭахаз атурист иҭаацәеи арыцҳара иалахәхаз егьырҭ атуристцәеи дырԥылеит, ҳәа аалыцҳауеит Аминистрцәа реилазаара аинформациеи аҳәынҭпротоколи Рдепартамент аиҳабы Ельза Ҷанԥҳа.

"Сгәы иалсны сшәыдашшылоит, ишәыцеиҩысшоит иаалырҟьаны шәзықәшәаз агәырҩа. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ацәгьоуцәа раанкыларази рыхәҭа рақәыршәарази", — иҳәеит Барцыц.

Адырраҭараҿы иарбоуп Аԥсны Аиҳабыра иҭахаз атурист иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агаразы иахәҭаны иҟоу ахарџь иаҵагылоит ҳәа. Иара убасгьы аҭаацәа ирызшәоуп 500 нызқьмааҭ аԥара.

Москва, иҭахаз Андреи Кабанов иҭаацәа аҳаирплан дрыцаԥылоит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ишәарҭоу ацәгьоурақәа рцәаҳәа

Ацәгьоура ҟалеит Гәдоуҭа араион, Приморское ақыҭан, амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын. Гәдоуҭа араион апрокуратура ихацнаркит ашьаусҭҵаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0