Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳаразиа: еилых ҟамҵакәа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуааи сареи ҳаибабалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукҬырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс дҟаҵоуп Вадим Ҳаразиа, уи азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынгәы 17 рзы. Иусураҿы гәҭакқәас имоу ртәы Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит.
Вадим Ҳаразиа ҿыц инапынҵақәа ирызкны

"Ҭелла исзасны адныҳәаларақәа ҟарҵеит Ҭырқәтәыла адернеқьқәа реиҳабацәа. Ишсызԥшу атәы рхәеит. Гәыкала сақәшаҳаҭхеит ари аус ансыдыргала, иара ҿыцӡам сара сзы, ҳџьынџьуаа аӡәырҩы здыруеит. Ҭырқәтәыла аус ууратәы уа уҟазар ауп, уи аҟынтәи уахь нхара сцоит. Раԥхьаӡа иргыланы Афедерациа ахаҭарнакцәеи сареи ҳаиԥылоит. Ажәакала, еилых ҟамҵакәа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуааи сареи аус еицаҳуеит", — иҳәеит Ҳаразиа.

Уаанӡа Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс дыҟан Инар Гыцба.


Ажәабжьқәа зегьы
0