АҞӘА, ԥхынгәы 21— Sputnik, Амра Амҷԥҳа. 6,5 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла. Иҟоуп иҭахази ахәрақәа заузи. Еилабгеит адгьылбжьаха Кос игылаз ажәытә џьаама Дефтердар.
Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа аӡәгьы машәыр имыхьит, ҳәа ҳкорреспондент илзааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.
Иара иажәақәа рыла Бодрум аԥсуаа маҷҩымкәа инхоит.
"Уажәы Бодрум дыҟоуп Зеррин Шамԥҳа. Лара абри ақалақь аҟны Аԥсуа культуратә центр аартра азҵаарақәа рыӡбра мҩаԥылгоит. Лажәақәа рыла аԥсуаа рахьтә аӡәгьы ааха имоуит. Рыҩнқәагьы еибгоуп, ҭыԥқәак рҟны ашьшьара зоуқәаз рыда" — иҳәоит Ҳаразиа.
6,5 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла, акурорттә қалақь Бодрум рацәак иацәыхарамкәа. Амедицинатә цхыраара иаҳәеит 70-ҩык рҟынӡа. Иҭахази иӡызи рганахь ала дырраҳәа акгьы ыҟам.