Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷыԥҳа: Германиа инхо аԥсуаа рзы итрадициахеит абираҟ амш азгәаҭара

© Фото : страница Хиблы Амичба в FacebookГерманиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа инхо аԥсуа диаспора иазгәарҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Сынтәа ари аныҳәа амш рыҽшазыҟарҵази, насгьы еиҿкаау Адунезегьтәи абаза- черқьесс жәлар рдиаспора асаит аусура алыҵшәақәеи Sputnik иазеиҭалҳәеит Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа.
Хьыбла Амҷыԥҳа Германиа инхо аԥсуаа абираҟ амш шазгәарҭаз иазкны

"Германиа ари амш азгәаҭара традициак еиԥш иҟаларц азы акыр ҵуеит аус азаҳуеижьҭеи. Европа ақалақьқәа жәпакы рыҟны шықәсқәак раахыс имҩаԥыргоит еиуеиԥшым акультуратә хәылԥазқәа. Аԥсны ишазгәаҳҭо еиԥш Германиагьы итрадициахеит, уи даараӡа сгәы иаахәоит", — лҳәеит Амҷыпҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0