Барцыц: Аԥсны абираҟ - ихьыԥшым аҳәынҭқарра иасимволуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҟәа
Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҟәа, ԥхынгәы 23 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҟәа, ԥхынгәы 23 рзы. Ателеимадара Аҟәа – Черқьесск – Ҭырқәтәыла амҩаԥысраан Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц Аԥсны абираҟ – ихьыԥшым аҳәынҭқарра иасимволуп иҳәеит.

Аекран ала аԥсуа жәлар рныҳәа рыдырныҳәалеит Ҭырқәтәылантәи, Ҟарачы-Черқьесиантәи. Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла аконцерт амҩаԥысраан еиҿкааз ателецҳа иахьазы традициак еиԥшхеит.

"Атрадициа ахы акит шықәсқәак раԥхьа. Иалшоит апроект агеографиа арҭбаарагьы. Асеиԥш аинырра аныҳәа еиҳагьы аҵакы ардууеит" — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Асценаҟынтә иддырбон абираҟ аҭоурых иазкыз авидеоролик. Аминистр илҳәеит аныҳәа ахықәкы хада – аԥсуа бираҟ аҭоурых аҿар рыларҵәароуп, бзиа дырбароуп ҳәа.

Аконцерт ахаҭа акәзар, аԥсуа коллективқәа рыдагьы иалахәын Ҭырқәтәылатәи акәашаратә ансамбль.

Аныҳәа амш раԥхьатәи ахәҭаҟны имҩаԥысит агәыҳалалратә еиԥхныҩлара "Аҵакы аманы ҳаҩуеит". Амш аҩбатәи ахәҭаан Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеии Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеии имҩаԥыргеит абираҟ аҭоурых аазырԥшуаз аекспозициақәа.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Иара аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара иасимволуп. Иаарту амаҿа шкәакәа 12 шәышықәса инарзынаԥшуа ақәра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ашкәакәақәеи аҿареи адоуҳареи ирсимволуп. Хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны аҭоурыхтә раионқәа: Саӡ, Бзыԥ, Гәма, Абжьыуаа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибга ирсимволны иҟоуп.

Аҳәынҭқарратә символикақәа дравторуп, асахьаҭыхҩы — Валери Гамгьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0