Ралли азы автоеиԥхныҩлара "Ростов Велики - 2017" аҟны араӡны медал игеит Ҭемыр Саломко

© Фото : предоставлено Тимуром Соломко"Ростов Велики - 2017" аҟны араӡны медал игеит Ҭемыр Саломко
Ростов Велики - 2017 аҟны араӡны медал игеит Ҭемыр Саломко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ралли азы Ацентртә федералтә округ иаарту Ачемпионат "Ростов Велики - 2017" мҩаԥысуан ԥхынгәы 21-24 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ралли азы Ацентртә федералтә округ иаарту Ачемпионат "Ростов Великий — 2017" аҟны ҳџьынџьуаҩ Ҭемыр Саломко араӡны медал ианашьахеит. Ралли азы Ацентртә федералтә округ иаарту Ачемпионат "Ростов Великий — 2017" мҩаԥысуан ԥхынгәы 21-24 рзы.

"Сара штурманс дсыман Виачеслав Прохоров. Иара 59 шықәса ихыҵуеит. Асовет Еидгыла аҵыхәтәантәи ачемпион иоуп. Абри уиццоит анырҳәа гәахәарыла сақәшаҳаҭхеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Соломко.

Иара иажәақәа рыла аралли иалахәын 55-ҩык.

"Аԥхьаҵәҟьа иуадаҩын. Аиҳаракгьы Прохорови сареи уаанӡа аиндаҭларақәа ҳаицрылахәымхацызт азы", — иҳәоит иара.

Атрасса аҵыхәтәантәи аучасткахь ҳнеихьаны амш цәгьахеит, ҳәа еиҭеиҳәоит Соломко.

"Ақәаршҩы аура иалагеит. Амашьынаҟынтә амҩа умбо иҟалеит, аха ҳара ишахәҭаз еиԥш амҩахәҭа ҳахысит" ҳәа далацәажәоит иара.

Ҭемыр Соломко иазгәеиҭеит Виачеслав Прохорови иареи русеицуразы аамҭа маҷны ишрымаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0