Аԥсны АҶА: хабарда иӡыз атурист амаршрут идыруан

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАӡиа Риҵа
Аӡиа Риҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц. Атурист иԥшаара иаҿуп

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иӡыз атурист Андреи Лихачиов дызнысраны игәҭакыз амаршрут идыруан, иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа. Асеиԥш аинформациа иара иоуит хабарда иӡыз атурист иуак иҟынтәи.

"Андреи иуацәа рҟынтәи еилаҳкааит амаршрут шидыруаз, изныкымкәагьы абри амҩа дшанысхьаз. Уаҵәы, амш аҩбатәи ахәҭазы ҳара ҳазыԥшуп иара иуацәа раара. Иара убасгьы ҳгәы иҭоуп аҽа гәыԥкгьы даҽа маршрутк ала идәықәаҳҵарц. Ԥхынгәы 12 рзы Аҟәа Араион ҿыц аҟынтәи иҭаацәа рахь аҭел дасуан. Уи бзианы иаадыруеит. Уажәы еиуеиԥшым аверсиақәа аус рыдааулоит", — иҳәеит аминистр.

Уаҵәы аԥшааратә гәыԥ верталиотла Аӡеиқәаҿ иртәахоит, урҭ уантәи аԥшааратә усурақәа хацдыркуеит.

Аминистр иажәақәа рыла атурист Андреи Лихачиов гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Усҟан иара иҳәеит зегь бзиоуп ҳәа. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан", — иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит аинформациа шроузҵәҟьа аԥшаарақәа ишрылагаз, аха макьаназы лҵшәа шыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0