Аибашьра иацәынхаз: Сандро Чагьамтәи иҩны Аҟәа Мшьелиаа рхәы аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукМери Гогохьиаԥҳа - Сика Мшьелиа иашьа имоҭа
Мери Гогохьиаԥҳа -  Сика Мшьелиа иашьа имоҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пхынгәы 31 рзы шықәсык ҵуеит "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу, ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵиижьтеи.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

Фазиль Искандер иҩымҭа афырхаҵа хада ианшьа Сика (Сандро Чагьамтәи) Аҟәа нхара ҳәа даниасуаз иалихит иқыҭа Чагьам игәалазыршәоз аҳаракыра ҭыԥ. Иахьа Сандро Чагьамтәи иҩны аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилыркаарц азы уахь имҩахыҵит Sputnik акорреспондентцәа. 

Искандер иҩымҭаҿы зыӡбахә ҳәоу аҩнаҿы иахьа аӡәгьы нхаӡом. Ажурналистцәа аҩны ашә рзаадыртырц уахь инеит Сандро Чагьамтәи (Сика Мшьелиа) иашьа имоҭа Мери Гогохьиаԥҳа, Мшьелиаа рҭаца Лариса Ашәԥҳа, агәыла, афилолог Ладико Адлеиба. 

© Sputnik / Томас ТхайцукСандро Чагьамтәи ипрототип Аҟәа дахьынхоз аҩны
Сандро Чагьамтәи ипрототип Аҟәа дахьынхоз аҩны - Sputnik Аҧсны
Сандро Чагьамтәи ипрототип Аҟәа дахьынхоз аҩны

Лариса Ашәԥҳа излеиҭалҳәо ала, ари ахәаҿы машәыршакә иалрымхит нхарҭа ҭыԥс. 

"Аҭыԥ ахьыԥшӡараз инаҷыдангьы ааигәа аҵеџь ыҟан, хара аӡаагара ацара ахьаҭахымыз иманшәалан ауаа рзы, — лҳәеит лара. – Усҟан ааигәа-сигәа аӡәгьы нхомызт. Анаҩс ижәлантәқәа иган аҿы инирхеит. Мшьелиаа рацәаҩны ара ианынха, Мшьелиаа рхәы ҳәа азырҳәо иалагеит ари аҭыԥ", — лҳәеит Лариса. 

Сандро Чагьамтәи (Сика Мшьелиа) иашьа имоҭа, абырг Мери Гогохьиаԥҳа излалгәалашәо ала Сандро (Сика) даара ачеиџьыка бзиа змаз уаҩын.

© Sputnik / Томас ТхайцукАфотосахьаҿы: Фазил иан, ианду, арра иӡхьо лашьа
Афотосахьаҿы: Фазил иан, ианду, арра иӡхьо лашьа - Sputnik Аҧсны
Афотосахьаҿы: Фазил иан, ианду, арра иӡхьо лашьа

"Изызӡарызеи, Сика сабду иаасҭа иаҳа дыԥшӡан ԥшрала, сахьала, ҭеиҭыԥшла", — лҳәеит абырг. Афотосахьақәа рҿы иаҳлырбеит Сандро иԥшәма Катиа, иашьа Маҳҭы, Фазиль иан, ианду, арра иӡхьо лашьа. 

Мери Гогохьиаԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәатәи аҩны адагьы Чагьам игылоу Сандро иҩнгьы аӡәгьы дшахым.

"Бегҟан ҳәа иашьҭоуп Чагьам нахыс убрахь ахьчацәа анхалало, аҩнаҿы иаангылалоит акәымзар, аӡәгьы дыҟам уа инхо ҳәа", — лгәы иаланы илҳәеит абырг.  

Искандер ирҿиара абзиабаҩ, афилолог Ладико Адлеиба аклассик иҩымҭа аҭыԥқәа зегьы бзианы идыруеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАфилолог, Искандер иҩымҭақәа рыбзиабаҩ Ладико Адлеиба
Афилолог, Искандер иҩымҭақәа рыбзиабаҩ Ладико Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Афилолог, Искандер иҩымҭақәа рыбзиабаҩ Ладико Адлеиба

"Абри абарҵа дықәгыланы акәын Сандро иԥшәма Катиа аџьықәреи каԥсо акәытқәа иахьырҿалҵоз, аанда даваланы Фазиль ашҭа данҭалоз", — ҳәа инапы рханы еиҭеиҳәоит ааигәа инхо агәыла Ладико Адлеиба.

Анаҩс иаҳирбеит, аҩымҭа излаҳәо ала Фазиль ашҭа данҭала дахьыҩналаз ианшьа дахьтәаз ауада. 

"Дықәианы иԥсы ишьомашь ҳәа игәахәит, аха Фазиль аҩны даныҩнала абри аҭыԥаҿы ианшьа ишьапқәа алагьан ақәцә икәыргыланы дтәан. Абраанӡа ауп сахьызгыло иҳәан, дҩыҵхахеит", — иҳәеит Ладико Адлеиба. 

© Sputnik / Томас ТхайцукСико Мшьелиа (Сандро Чагьамтәи) иҩнаҿы
Сико Мшьелиа (Сандро Чагьамтәи) иҩнаҿы - Sputnik Аҧсны
Сико Мшьелиа (Сандро Чагьамтәи) иҩнаҿы

Афилолог иазгәеиҭеит, Искандер иҩымҭақәа зегьы зныкымкәа дышрыԥхьахьо, ԥсыршьагас ишимоу. 

"Сгәалаҟазаара аныԥхасҭахо, иарбан ҩымҭазаалакгьы, адаҟьа иаасыртуа аҿы, уахьалагалакгьы ауеит иара, иаразнак сеизышәаган сааҟалоит", — иҳәеит Адлеиба. 

Ладико Адлеиба игәаанагарала, Искандер иҟазара ӷәӷәа абзоурала аурыс сахьаркыратә литература иаланагалеит аԥсуа фразеологизмқәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукСандро иашьа Маҳҭы
Сандро иашьа Маҳҭы - Sputnik Аҧсны
Сандро иашьа Маҳҭы

"Иаҳҳәап, абас еиԥш иҟоу аҳәоу: "Эх время, в котором мы стоим", ҳәа имоу аԥсуаа ирҳәо "Изакә аамҭоузеи ҳазҭагылоу" ауп. Убас Искандер иҩымҭаҿы иуԥылоит имаҷымкәа аҿырԥштәқәа", — иҳәеит Адлеиба.

Фазиль Искандер иҩымҭақәа рыбзиабаҩ, аклассик имш иираз есышықәса дизасуан аҭел идиныҳәаларц. 

© Sputnik / Томас ТхайцукСика (Сандро) Мшьелиеи иԥшәма Катиеи
Сика (Сандро) Мшьелиеи иԥшәма Катиеи - Sputnik Аҧсны
Сика (Сандро) Мшьелиеи иԥшәма Катиеи

"Сара соуп, Сандро игәыла, ҳәа схы игәаласыршәон. Аԥсышәа цқьала: "Уа бзера убааит, бзера умаз, шәышԥаҟақәоу", ҳәа ибжьы иргон. Уара ҳашԥаубо ҳәа санҵаалак: "Шәхы шыжәбо ауп аус злоу", иҳәон, — игәалаиршәоит Адлеиба.

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра

P.S.

Ҳаиԥырҵымҭазы Ладико Адлеиба дахыҽхәаны иҳәеит, Фазиль Искандер иавтографқәа ҩба шимоу. Саргьы сыҽхәоит. Исымоуп инапынҵамҭа акы. Аҩбатәи акурс аҿы аҵара анысҵоз Аҟәа Аԥсуа филармониаҿы Искандер ирҿиаратә хәылԥазы мҩыԥысуан. Даԥхьон иҩымҭақәа рҟынтә ацыԥҵәахақәа, азыӡырыҩцәа азҵаарақәа ирҭон. Аиԥылара ахыркәшамҭаз иавтографқәа роурц асценахь ихалеит иҟазара абзиабаҩцәа. Ибыхьӡуи ҳәа дсазҵаан, ианиҵеит ашәҟәаҿы азеиӷьашьара: "Амре – света!"

Ажәабжьқәа зегьы
0