Аԥсны ацентртә архив ашьақәыргылара апроект Ҟрым иӡыргахоит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылазегьтәи аҿар рҵаратә форум "Таврида" мҩаԥысраны иҟоуп Ҟрым, нанҳәа 4-10 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Афорум аҟны Аԥсны ацентртә архив ашьақәыргылара апроект цәырылгараны дыҟоуп РГГУ Аҭоурых-архивтә институт астудентка Милана Бжьаниаԥҳа.

"Атәыла аҭоурых адырра аиҳарак аҳәынҭархивқәа рҟны иҵәаху адокументқәа рыла иалшоит. Сара ԥхьаҟа архивистк иҳасаб ала ибзианы еилыскаауеит урҭ адокументқәа ирымоу аҵакы. Афорум аҟны сара ицәырызгоит апроект "Аԥсны аҭоурыхдырыҩцәеи архивистцәеи реизара". Иара Аԥсны ацентртә архив аиҭашьақәыргылара иазку апроект ду иахәҭакны иҟоуп", — ҳәа еиҭалҳәоит Милана Бжьаниаԥҳа.

Милана Бжьаниаԥҳа лзы ари аҩбатәи форумуп. 2016 шықәса рзы Аҟәа имҩаԥган аҭоурыхдырыҩцәа актәи реизара ду.

"Актәи афорум ашьҭахь иӡбан аҩбатәи афорумгьы амҩаԥгара. Ҳара ирацәаны Урыстәылатәи Афедерациа архивқәа рҟны адокументқәа ҳаԥшааит. Уажәы урҭ акьыԥхь иазҳархиоит", — лҳәеит лара.

Аҟәатәи афорум ашьҭахь Милана Бжьаниаԥҳа Аҭоурых-архивтә институт астудентцәа дрыцны Урыстәыла Аҳәынҭқарратә архив ахь апрактиказы днашьҭын. Уаҟа Аԥсны иазкыз адокументқәа аус рыдылулон. Лара ишылҳәаз ала жәаба инареиҳаны фонд аарԥшуп.

"Адокументқәа Аԥсныҟа рырхынҳәразы аусурақәа актәи ретап мҩаԥгоуп. Ҳара дара зегьы асканер иахҳажьит, уажәшьҭа урҭ цифраркны Аԥсныҟа инашьҭтәуп. Иҟаҵоу аус аинститут аҟны аҵара зҵо ҳхатәы ԥшьгароуп", — лҳәеит Бжьаниаԥҳа.

Милана Бжьаниаԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Милана Бжьаниаԥҳа илгәиҭоуп лусура иацылҵарц, илҭахуп Ҭырқәтәыла, Иран, Италиа иҟоу архивқәа рҟны аԥшаарақәа рымҩаԥгара.

Урыстәылазегьтәи аҿар рҵаратә форум "Таврида" мҩаԥысраны иҟоуп Ҟрым, нанҳәа 4-10 рзы. Афорум еиҿнакааит Урыстәыла аҿар русқәа рзы афедералтә маҵзура.

Ажәабжьқәа зегьы
0