АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Макьаназ Урыстәыла Ҟрыми, Алтаитәи, Краснодартәи, Ставропольтәи атәылаҿацәқәа рҟны акурорттә еизгақәа ралагаларазы иаднакылаз аӡбра Аԥсны ианаҭо анырра зеиԥшрахаша атәы узҳәом, атуризм аусхк анырра шанаҭаша ҳаздыруам, лҳәоит Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭоз "Атуризм азы Аԥснытәи ахеидкыла" ахада Анна Калиагина.
"Макьаназ иҟалаша шыҟалаша атәы аҳәара уадаҩуп. Ганкахьала 50-100 мааҭ уахыки-ҽнаки рзы имаҷӡам, аха аҽа ганкахьала атуристцәа уи рацәак хырыҩ арымҭаргьы алшоит. Апроцесс анхацыркхалак ашьҭахь ауп иаҳҳәаша анаадыруа", — лҳәоит Калиагина.
Владимир Путин ԥхынгәы 30 рзы инапы аҵеиҩит Ҟрыми, Алтаитәи, Краснодартәи, Ставропольтәи атәылаҿацәқәа рҟны акурорттә еизгақәа ралагаларазы азакәан.
Аизгақәа рҟынтәи аԥарақәа азырхахоит акурорттә инфраструктура аиӷьтәра, аиҭашьақәыргылара.
Анна Калиагина иазгәалҭоит, Аԥсны акурорттә еизгақәа ишышьақәдыртәо 30 мааҭ. Иҟоуп асасааирҭақәа акурорттә еизгақәа иара амаҵзуратә хәыԥса иалазгалогьы.