Аишьцәа Ҳагаа рпроект "Джазпром" мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониаҿ

© Sputnik Гамгия ЗафасАишьцәа Ҳагаа рпроект "Джазпром" мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониаҿ
Аишьцәа Ҳагаа рпроект Джазпром мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониаҿ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашоу "Голос" аҟны аиааира згаз Дариа Антониук дызлахәыз аишьцәа Ҳагаа рпроект "Джазпром" мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿ.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

"Ҳара ҳаигәырӷьан ҳашәԥылоит абри азал ссир аҿы. Иҭабуп арахь шәахьааиз. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит агәахәара шәаҳҭарц", — иҳәеит апроект анапхгаҩы Арам Зурабиан ахәаԥшцәа рахь ихы нарханы.

Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аконцерттә программагьы уи ииҳәаз ажәақәа ирықәшәон.

Ашәаҳәаҩцәа Ҳагаа, асаксофонист Константин Лисовиц, агитаристцәа Леонид Бирзоеви Дмитри Трухачиови ауаа дыргәырӷьон.

Ҭемыри Дениси Ҳагаа иара убасгьы инарыгӡеит апроект "Голос" аҟны ирҳәаз ашәа.

© Sputnik Гамгия ЗафасКонцерт группы "Джазпром" в филармонии
Концерт группы Джазпром в филармонии - Sputnik Аҧсны
Концерт группы "Джазпром" в филармонии

Уи адагьы Ҭемыр Ҳагба инеигӡеит испаниатәи ашәаҳәаҩ акомпозитор Александр Санс икомпозициа.

"Ари испаниатәи амузыка иҿыцны азнагароуп", — иҳәеит Арам Зурабиан.

Шәа-цыԥхьаӡа азал иҩныҩуаз анапеинҟьабыжьқәа, агәра удыргон азали асценеи ирымаз аимадара шыӷәӷәаз.

Аконцерт ахь днеиит хәаԥшҩык, зыӡырҩык иҳасаб ала Хьыбла Гьерзмааԥҳагьы.

2013 шықәса рзы аишьцәа Ҳагаа алахәын Хьыбла лфестивальқәа руак.

Хьыблеи Ҭемыри еицынарыгӡеит аԥсуа ашәа "Исхароузеи?" (Кьыршьал Чачхалиа).

Абри ашьҭахь Хьыбла иналыгӡеит англыз ашәа "Smile" (амузыка Чарли Чаплин, ажәақәа Џьон Тиорнери Џьери Парсонси).

© Sputnik Гамгия ЗафасВыход на сцену победительницы пятого сезона шоу "Голос" Дарьи Антонюк
Выход на сцену победительницы пятого сезона шоу Голос Дарьи Антонюк - Sputnik Аҧсны
Выход на сцену победительницы пятого сезона шоу "Голос" Дарьи Антонюк

Азал иҩнашьқьыруаз аԥша мацара акәын зыбжьы уаҳауаз, зегь рыԥсы ӡаны илзыӡырыҩуан бзиа еицырбоз ашәаҳәаҩ.

Апроект "Джазпром" аҟны инагӡан акомпозитор Арам Зурабиан икомпозициақәа "Christmas" "New wave".

Аконцерт иакульминацианы иҟалеит ашоу "Голос" иалахәыз, аиааирагьы згаз Дариа Антониук лықәгылара.

Апроект аҟны Дариа Антониуки Ҭемыри Дениси Ҳагааи азыҟаиҵон Леонид Агутин.

Аконцерт ашәақәа реиҳарак ҩынтә-ҩынтә иддырҳәон ахәаԥшыҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0