Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи техника ҷыдала еиқәдыршәоит

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц имҩаԥигаз аилацәажәара азкын атехника ҷыда аихшара азҵаара

АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аинвестпрограмма иаҵаркны иаахәоу акантеинерқәа ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рҟны аихшара иалагоит, ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

"Аконтеинерқәа реихшара иалагахьеит", ҳәа ҳзеиҭарҳәеит акапиталтә ргылара Аусбарҭаҟны.

Аҳәынҭқарра 100 миллион мааҭ аԥара азоунажьит агәамсамеизгага техника ҷыда аахәара. Атехника мызкы аҩныҵҟала иаараны иҟоуп.

"Актәи аетап аан агәамсам мҩангага машьынақәа раахәара ҳагәҭакуп. Акоммуналтә техника аахәара аҩбатәи аетап ахь ииасуеит. Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рзыҳәақәа инарықәыршәаны иааҳхәо атехника нас ишахәҭоу еиԥш еихшахоит", — иҳәеит акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьыкырба.

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит, атехника зегьы аиԥшызаара рымазароуп, ушьҭан урҭ рымаҵ аура еиҳа иманшәалахарц азы ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0