АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Есышықәса имҩаԥысуа атурнир Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара иазкуп. Атурнир аартра атәы далацәажәеит Очамчыра ақалақь Ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Ҭемыр Пачлиа.
"Актәи аетап аҟны атурнир алахәылацәагьы асасцәагьы неиит аибашьраҟны иҭахаз рбаҟахьы. Урҭ уа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Уахьынтәи ианыхынҳә имҩаԥысит аконцерт", ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭемыр Пачлиа.
Иара иажәақәа рыла ауснагӡатә ашьҭахь ақалақь астадион-маҷқәа рҟны аамҭакала ԥышь-хәмаррак мҩаԥысит.
Атурнир 10 мшы рҟынӡа имҩаԥысуеит, ихыркәшахоит нанҳәа 15 рзы. Есыҽны адәы иқәлоит 24 команда-лахәыла.